Урыстәыла аҳәаа абагаж ахыгара аԥҟарақәа дырӷәӷәоит

CC0 / / Абагаж
Абагаж - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәыр, ауҭраҭых, ашәҭ багажла аҳәынҭқарратә ҳәаа рахыгара аԥҟара ҿыцқәа алагалахоит нанҳәа 19 инаркны.

АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Ашәыр, ауҭраҭых, ашәҭ хә-кьылак еиҳамкәа багажла аҳәынҳқарратә ҳәаа рахыгара ҟалоит урыстәыла ирыдыркылаз аԥҟара ҿыцқәа инарықәыршәаны. Ашәыр, ауҭраҭых, ашәҭ багажла аҳәынҳқарратә ҳәаа рахыгара аԥҟарра ҿыцқәа алагалахоит нанҳәа 19 инаркны.

Азинтә информациа аинтернет-портал аҟны ишаҳәо ала, абагаж еиԥш, арахь иаҵанакуеит анапыламҩангатә еидарагьы.

Анорма ҿыцқәа ирыҵаркуеит: афиник, алаҳа, ананас, авокадо, агуава, аманго, амангустин, абрикос, аца, атама, абҳәа, ацитрусқәа, аҟәыдхкы, араса, атоматқәа, ахәылырҳәы, аҷых, ацыца, аредис, анаша.

Иара убасгьы иҟалом хҿаҳәарак иреиҳаны ашәҭ ахыгара. Убри аан ҿаҳәарак аҿы 15 шәҭы иреиҳамзароуп. Еиҳау апартиақәа рзы аҳәааҿы афитосанитартә сертификатқәа умазароуп.

Аԥҟара ҿыцқәа ирықәныҟәалароуп транспортхкыс иҟоу зегьы рпассаџьырцәа.

Иара убасгьы аԥошьҭатә аашьҭрақәагьы абри аԥҟара иаҵанакуеит.

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0