Украина уаанӡатәи аԥыза-министр Вышински доушьҭтәуп иҳәеит

© Foto / Стрингер Кирилл Вышински
Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азаров иажәақәа рыла, ажурналист иаанкылара хшыҩдаран, уи ус шакәу Украина ахада Владимир Зеленски еиликаауеит. Иара убасгьы иазгәеиҭеит Вышинскии Урыстәыла иҭаку Украина атәылауааи реиҭныԥсахлара иашам ҳәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Киев амчрақәа апортал РИА Новости Украина аиҳабы Кирилл Вышински иҿаԥхьа аҭамзаара шьҭаҵаны, ахараԥса изшәаны ихы дақәиҭыртәроуп ҳәа РИА Новости аҟны иҳәеит Украина уаанӡатәи аԥыза-министр Николаи Азаров.

"Зеленски изы асеиԥш адҵаҟаҵара иҳаҭыр азырҳароуп иаанаго. Абасеиԥш ихы мҩаԥигар, атәыла ахадара дшаԥсоу удыруеит", - иҳәеит Азаров.

Заседание суда по делу журналиста К. Вышинского - Sputnik Аҧсны
ОБСЕ: Украина ахадарахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Вышински ихы дақәиҭтәызарц

Азаров иажәақәа рыла, ажурналист иаанкылара хшыҩдаран, уи ус шакәу Украина ахада Владимир Зеленски еиликаауеит. Иара убасгьы иазгәеиҭеит Вышинскии Урыстәыла иҭаку Украина атәылауааи реиҭныԥсахлара иашам ҳәа ишазиԥхьаӡо.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

2019 шықәса мшаԥымзазы 250-ҩык ажурналистцәа Украина ахада ҿыц Владимир Зеленски ашәҟәы изынарышьҭит ажурналист ихы дақәиҭитәразы.

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0