Аладатәи Кореиа аруаа КНДР абаллистикатә ракетақәа ԥнашәеит ҳәа иазырыԥхьаӡоит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасрааракетақәа
аракетақәа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пхениан ԥхынгәы 25 рзы зрадиус маҷу аракетақәа ҩба рԥышәара мҩаԥнагеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. КНДР мрагыларатәи амшынҟәараҟынтә абаллистикатә ракетақәа рԥышәара мҩаԥнагеит ҳәа аарыцҳауеит Аладатәи Кореиа аштабқәа реиҳабацәа Реилак аҟынтә. Абри атәы аҳәоит РИА Новости, амаҵзура Ренхап адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Амаҵзура аинформациала, аракетақәа апровинциа Хамген-Намдо аҟынтәи иҭырҟьан. Аладатәи Кореиа аштабқәа реиҳабацәа Реилак аҭагылазаашьа аҿиара хылаԥшра анаҭоит.

Ким Чен Ын  - Sputnik Аҧсны
КНДР Иапониатәи амшын иаланажьит аԥжәагақәа ҩба

Аладатәи Кореиа ар рхаҭарнак иазгәеиҭеит иҭырҟьаз аракетақәа ҵәҩанҵәы рыԥырраҳаракыра 50 километр иҩаӡон ҳәа.

Аракетатә ԥышәара ҿыцқәа инарыдҳәаланы Алада Кореиа Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак иаалырҟьаны аилацәажәара мҩаԥыргеит. Хантәаҩра азиуан Алада Кореиа амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәа рзы ахада ицхырааҩ Чон Ыи Ена.

Алада Кореиа ахада Мун Чже Ин КНДР аракетақәа рԥышәара шымҩаԥгаз азы адырра иҭан.

Иапониа атәылахьчара аминистр Такеси Иваиа аҳәамҭа ҟаиҵеит КНДР абаллистикатә ракетақәа рԥышәара мҩаԥгазар, ООН Ашәарҭадаратә хеилак арезолиуциа еиланагеит ҳәа.

"Аракетақәа баллистикатә ракетақәазар, уи иаанаго ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак арезолиуциа еиланагеит ҳәа ауп" - иҳәеит аминистр.

Пхениан ԥхынгәы 25 рзы зрадиус маҷу аракетақәа ҩба рԥышәара мҩаԥнагеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0