Трамп иҳәеит Сибра амцакрақәа рырцәараз ацхыраара ҟаиҵар шилшо

Анапаҵаҩра
Урыстәыла арегионқәа ԥшьба рҟны амцакрақәа ирхырҟьаны аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп.

АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik. ЕАА рхада Дональд Трамп ахашаҽны Урыстәыла ахада Владимир Путин аҭел дизасит Сибра амцакрақәа рырцәараз ацхыраара ҟаиҵар шилшо иеиҳәар азы. Абри атәы аанацҳауеит Кремль асаит.

"Урыстәыла ахада ари иҭабуп ҳәа ахиҳәааит. Владимир Путин иҳәеит урыстәылатәи аган иахәҭаны иҟалар, ари ажәалагала ахы ишанархәо", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Путин Трамп изеиҭеиҳәеит Сибра ишаԥҵоу амцакра иаҿагылаша агәыԥ ду.

Урыстәылеи Америкеи рхадацәа еиқәышаҳаҭхеит аҭелтә формат ала реинырра ишацырҵо.

Нанҳәа 1 азы Урыстәыла аҵакыраҿы 470 мцакра аҭыԥ рымоуп. Рзеиԥш ҵакыра 2,9 миллион гектар иҟоуп. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа аус руеит Иркутсктәи аобласт, Красноиарсктәи атәылаҿацә, Буриатиа араионқәа ҩба, Иакутиа араионқәа акы рҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0