Ателеканал RT бжьынтәуп аԥхьахә Emmy аиуразы иқәгылоижьҭеи

© AFP 2023 / FREDERIC J. BROWNEmmy Award
Emmy Award - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аԥхьахә Emmy акатегориа "Новости" аҟны Кемерово ақалақь ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня" аҿы аҭыԥ змаз ахҭыс иазкны RT афиналтә репортажқәа цәырган.

АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. Урыстәылатәи ателеканал RT Жәларбжьаратәи аԥхьахә Emmy аиуразы иқәыргылоуп Кемерово ақалақь ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня" аҿы аҭыԥ змаз ахҭыс иазкны RT иҟанаҵаз анҵамҭақәа рзы.

RT акорреспондентцәа аҭыԥ аҿы аус руан, арыцҳара иақәшәаз ауаа рҭоурыхқәа ирылацәажәон, иаартны ирҳәон амцакра ашьҭахь имҩаԥысуаз амитингқәа.

Ателеканал азы ари аноминациа абыжьбатәи акәхеит. 2018 шықәса рзы International Emmy акатегориа "Новости" аҟны аԥхьахә роуит RT анҵамҭа ҷыдақәа Ирактәи ақалақь Мосул аҿы агуманитартә рыцҳара иазкыз.

2017 шықәса рзы RT America аҿы апрограмма "Есть контакт" амҩаԥгаҩ Крис Хеджес америкатәи Emmy акатегориа "Лучший ведущий информационного ток-шоу" афинал ахь днеиит. 2016 шықәса рзы International Emmy афинал ахь инеиит ООН Ассамблеиа хада 70-тәи асессиа иазкыз арепортаж. 2014 шықәса рзы — америкатәи абахҭа Гуантанамо (Куба) иазкыз арепортаж алкаан. 2012 шықәса рзы RT стал акциа Occupy Wall Street ахцәажәара иазкыз арепортаж азы афинал аҿы ахьӡ ҳәан. 2010 шықәса рзы — Барак Обама Урыстәыла иҟазаара иазку аефир алкаан.

Emmy "Оскар" еиԥш иҳараку ҳамҭоуп ҳәа иршьоит ателехәаԥшраҿы.

Аԥхьахәқәа рыҭахоит цәыббра 24 рзы Ниу-Иорк.

Ажәабжьқәа зегьы
0