ААР Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит

© Sputnik / Саид Гуциев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЦхинвал
Цхинвал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит ареспублика аганахь ала қырҭтәыла агрессиа амҩаԥгара 11 шықәса ахыҵра амш аҽны.

АҞӘА, нанҳәа 8 Sputnik. Нанҳәа 8 2008 шықәсазы, Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла адунеи ахсаала ианымзарц азы ианажәолз иаанарԥшит ахаҿыҵәҟьа ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

"Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика ажәлар аӡәк иеиԥш еидгыланы, гәымшәарада Аԥсадгьыл ахьчаразы игылт. Иреиӷьыз ауаԥсаа рԥацәеи рыԥҳацәеи рыԥсҭазаарақәа ахҭынҵаны аӷа дхьарцеит. Арҭ амшқәа ахааназ хашҭра рықәымкәа аҳәынҭқарра аҭоурых адаҟьақәа рҟны иаанхоит", - аҳәоит аминистрра ашәҟәаҿы.

Аԥсны иргәаладыршәеит Аахыҵ Уаԥстәыла иҭахаз - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иргәаладыршәеит Аахыҵ Уаԥстәыла иҭахаз

Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа иазгәанаҭоит "аибашьра арыцҳарақәа зегьы знырхьоу" аԥсуа жәлар Аахыҵ Уаԥстәыла иқәынхо ирыцџьабоит ҳәа.

"Ианаамҭаз аиҩызаратә напы ҳадызгалаз Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраарала иахьа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҭынчмҩала рҳәынҭқаррақәа рырҿиара амҩа иқәуп", - аҳәоит ашәҟәаҿы.

Қырҭтәыла нанҳәа 8, 2008 шықәса рзы "Градқәа" рыла Аахыҵ Уаԥстәыла алахысра иалагеит, ар аҳҭнықалақь Цхинвал ҟәыбаса ишьҭарҵеит.

Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра рыхьчаразы ар ареспублика иаланагалеит. Москва нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рсуверинитет азханаҵеит.

Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи азхарҵеит: Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу, Шьамтәыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0