Шьамтәылаа рыԥсадгьыл ахь ихынҳәуеит

© Sputnik / Михаил Алаеддинахҵәацәа
ахҵәацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 30, 2015 раахыс Шьамтәылаҟа аҳәаанырцәтә ҳәынҭқаррақәа рҵакырадгьылқәа рҟынтә ихынҳәхьеит 531 693-ҩык ауааԥсыра. Рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра иақәшаҳаҭуп 1 712 264-ҩык ахҵәацәа.

АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит Иорданиеи Ливани рҟынтәи ҩ-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра ҳәа аҳәоит Аиныршәара урыстәылатәи ацентр аинформациатә биуллетень аҟны.

"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит ҩ-нызқьи ԥшьынҩажәи ԥшьҩык ауааԥсыра Ливанынтәи аушьҭырҭатә ҭыԥқәа "Джейдет-Ябус", "Телль-Калах" рыла – 3346-ҩык (аҳәса – 103 ахәыҷқәа – 176), Иорданиантә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Насиб" ала – 1 698-ҩык (аҳәса – 509, ахәыҷқәа– 866)", - аҳәоит абиуллетень аҟны.

Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит зықьҩык рҟынӡа ахҵәацәа - Sputnik Аҧсны
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит зықьҩык рҟынӡа ахҵәацәа

Аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа 45 – зыҟны шьамтәылатәи ахҵәацәа нхо рахьтә ҩажәижәаба (Ҭырқәтәыла, Ливан, Иорданиа, Германиа, Ирак, Египет, Нидерланды, Австриа, Даниа, Бырзентәыла, Швеицариа, Кипр, Бельгиа, Италиа, Румыниа, Испаниа, Ирландиа, Мальта, Польша, Босниеи Герцеговинеи, Аргентина, Лиуксембург, Хорватиа, Словениа, Болгариа, Венгриа, Исландиа, Словакиа, Чехиа, Латвиа) рҵакырақәа рҿы ахҵәацәа рхыԥхьаӡара шьақәдырӷәӷәеит.

Иааизакны арҭ атәылақәа рҿы инхоит 6 317 503–ҩык ахҵәацәа (Ҭырқәтәыла – 3 614 737, Ливан – 935 454, Иорданиа – 664 330, Германиа – 534 011, Ирак – 252 983, Египет – 132 473, Нидерланды – 74 998, Австриа – 42 505, Даниа – 17 995, Бырзентәыла – 13 139, Швеицариа – 6 702, Кипр – 5 899, Бельгиа – 3 982, Италиа – 3 836, Румыниа – 3 101, Испаниа – 2 352, Ирландиа – 1 729, Босниеи Герцеговинеи – 1 630, Аргентина – 1 496, Мальта – 1 289, Польша – 1 069, Лиуксембург – 663, Хорватиа – 530, Словениа – 460, Исландиа – 197, Болгариа – 180, Венгриа – 51, Словакиа – 43, Чехиа – 39, Латвиа – 19).

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Шьамтәылаҟа ахынҳәра иазыхиоуп 1 712 264-ҩык ауааԥсыра.

Шьамтәыла анџьныртә арҟәшақәа аҵыхәтәантәи аамҭазы аминақәа рҟынтәи рхы иақәиҭыртәит апровинциа Дераа аҿы ҩ-гектарк адгьыл.

Шьамтәыла бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара мҩаԥысуеит 2011 шықәса раахыс. 2017 шықәса анҵәамҭазы ирылаҳәан атеррористтә гәыԥ ИГИЛ ишаиааиу азы.

Иахьатәи аамҭазы аполитикатә ҭышәынтәалара, атәыла аиҭашьақәыргылара, ахҵәацәа рырхынҳәра иаҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0