Амашьына хьанҭақәа рныҟәара ԥкуп Џьубга инаркны Аԥснынӡа

© Sputnik / Михаил Фомичев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТрасса М-4 "Дон"
Трасса М-4 Дон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зыкапан дуу атранспорт аныҟәара аԥкра есышықәса Алада Урыстәыла иахьаҵанакуа ааԥынтәи-аԥхынтәи аамҭазы иаларгало ԥҟароуп. Ас еиԥш алагаларақәа амҩақәа рыхьчара хықәкыс ирымоуп.

АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Зыкапан дуу атранспорт аныҟәаразы аамҭалатәи аԥкрақәа алагалоуп Аладатәи афедералтә округ арегионқәак рҟны, аҳауаԥхарра 32 градус иахьреиҳау инамаданы, абри атәы аанацҳауеит Росавтодор асаит.

"Нанҳәа 21 асааҭ 10:00 - 22:00 рзы автомашьынамҩақәа рҟны ихьанҭоу автотранспорт аныҟәара аанкылазаауеит. Ас еиԥш алагаларақәа зыхҟьо аҳауаԥхарра 32 градус иахьреиҳау ауп", - аҳәоит аусбарҭа адырраҭараҟны.

Иарку амҩақәа рахь иаҵанакуеит - Џьубга - Шәача - Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа; атрасса М-4 ахәҭа "Дон" – Владикавказ – Грозныи – Махачкала – Азербаиџьан аҳәынҭқарратә ҳәаа граница с Азербайджанской республикой; автомашьынамҩа М-4 "Дон" аҟынтәи Краснодарҟа уназго амҩа, иара убас Шәача иахыкәшо амҩа, Адлер - Краснаиа Полиана амҩа ахәҭа.

Ремнонтные работы - Sputnik Аҧсны
"Ԥсоу-Егры" амҩаду Чагрыԥшь иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы еиҭашьақәдыргылоит

Убри адагьы, аԥкрақәа рахь иаҵанакуеит анаҩстәи амҩа ахәҭақәа: Волгоград – Каменск-Шахтински – Украина аҳәаа; автомашьынамҩа М-4 "Дон" аҟынтәи Ростов-Донтәи ахь уназго амҩа, аладатәи абжьаларҭа; амҩа ахәҭа Волгоград – Каменск-Шахтинскии – Украина аҳәаа; иара убас Ростов-Донтәи – Таганрог – Украина аҳәаа.

Зыкапан дуу атранспорт аныҟәара аԥкра есышықәса Алада Урыстәыла иахьаҵанакуа ааԥынтәи-аԥхынтәи аамҭазы амҩақәа рыхьчара хықәкыс иҟаҵаны иаларгало ԥҟароуп.

Ас еиԥш иҟоу аԥкра алагалоуп нанҳәа 21 рзы асааҭ 13:00 - 18:00 рзы амҩаду Новороссииск-Керчь ахәҭак аҟны, Ҟрымтәи ацҳаи уи ахь абжьаларҭақәеи рҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0