Иԥсҭазаара далҵит Зимбабве уаанӡатәи ахада Роберт Мугабе

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРоберт Мугабе
Роберт Мугабе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зимбабве уаанӡатәи ахада Роберт Мугабе 96 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.

АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Зимбабве уаанӡатәи ахада Роберт Мугабе 96 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости атәыла иахьатәи ахада Еммерсон Мнангагва иусбарҭаҟынтәи адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Гәалсра дула адырра ҟаҳҵоит Зимбабве ашьаҭаркыҩ, уаанӡатәи ахада Роберт Мугабе иԥсҭазаара дшалҵыз азы", ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

93-шықәса зхыҵуаз Роберт Мугабе атәыла ахада иҭыԥ аҟынтәи ԥхьатәара дцеит 2017 шықәса абҵарамзазы. Иара ԥхьатәара дцеит аруааи апартиа "Зимбабвийский африканский национальный союз - Патриотический фронт" анапхгареи рықәыӷәӷәарала.

Еммерсон Мнангагва, 2017 шықәса ԥхынгәы 30 рзы имҩаԥысыз алхрақәа раан атәыла ахадас дҟалеит 50,8% бжьы иманы.

Ажәабжьқәа зегьы
0