Иԥсҭазаара далҵит Франциа уаанӡатәи ахада Жак Ширак

© AFP 2023 / PATRICK KOVARIKЖак Ширак
Жак Ширак  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 26 рзы иԥсҭазаара далҵит 87 шықәса ирҭагылаз Франциа уаанӡатәи ахада, Париж ақалақь ахада Жак Ширак.

АҞӘА, цәыббра 26 — Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит 87 шықәса ирҭагылаз Франциа уаанӡатәи ахада, Париж ақалақь ахада Жак Ширак ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аҭыжьымҭа Франс Пресс адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Ширак 1995 - 2007 шықәсқәа рзы атәыла напхгара аиҭон.

Жак Рене Ширак диит абҵара 29, 1932 шықәса рзы, Париж. Ашкол "Cours Hattemer" даналга ашьҭахь иҵара иациҵеит Карнои Луи-Ле-Грани алицеиқәа рҟны. Ширак иполитикатә биографиа ахы акит 1962 шықәсазы, усҟантәи Франциа аԥыза-министр Жорж Помпиду иштаб хада анапхгаҩыс даныҟаиҵа ашьҭахь. Аамҭақәак рышьҭахь Жак Ширак ақыҭанхамҩа аминистрс дҟалеит.

Жискар д'Естене атәыла ахадас даныҟала ашьҭахь иара атәыла аԥыза-министрс дҟаҵан. Аамҭақәак рышьҭахь ари аҭыԥ нижьыр акәхоит. Усҟантәи аамҭақәа раан аоппозициатә партиа "Ареспублика адгыларазы аидгылара" напхгара аиҭоит.

1977 ш. инаркны – Париж ақалақь ахада. 1986 ш. рзы – Франциа аиҳабыра рхадас дыҟан. 1995 ш. рзы атәыла ахадас далхын.

Ажәабжьқәа зегьы
0