Аԥарашәаратә система "Мир" ахархәара арҭбаауеит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасрааԥарашәаратә система "Мир"
аԥарашәаратә система Мир - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥарашәаратә система "Аԥреи" урыстәылатәи аԥарашәаратә система "Мири" еиныруа иалагеит. Ахсаалага "Мир" ахархәара ахьамоу адунеи атәылақәа зегьы рыҟны ахархәара аиулоит "Аԥрагьы".

АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Урыстәылеи Китаии аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит амилаҭтә ԥарашәаратә система "Мир" Китаии егьырҭ мрагыларатәи тәылақәаки рҟны ахархәара аиуразы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәылатәи Афедерациа Абанк хада амилаҭтә ԥарашәаратә система адепартамент адиректор РФ Алла Бакина лажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Ахсаалага "Мир" аҳәаанырцә аусурақәа арҭбаауеит. Иахьазы атәылақәа ааба рҟны ахархәара амоуп. Ҳара егьырҭ атәылақәагьы аус рыцааулоит абри аганахьала. Аиҳарак азхьаԥшра рыҭахоит атуристтә хырхарҭа змоу атәылақәа - Таиланд, Болгариа, Виетнам реиԥш иҟақәоу", - ҳәа еиҭалҳәоит Бакина.

2019 шықәса рашәарамза инаркны "АԤРА" урыстәылатәи аԥарашәаратә система "Мир" абанктә хсаалагақәа рымаҵ ауеит.

Жьҭаара 1 азы Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" ареспублика анҭыҵгьы ахархәара аиуа ишалагаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0