Аҭынчраз Нобель иԥхьахә иоуит Ефиопиа аԥыза-министр

© AFP 2023 / JONATHAN NACKSTRANDМемориал Альфреду Нобелю
Мемориал Альфреду Нобелю - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ишьаҭаиркыз аԥхьахәқәа хәба рҟынтәи ԥшьба Стокгольм ирырҭоит. Аҭынчраз аԥхьахә заҭәашьоу Осло ирырҭоит. 2019 шықәсазы аԥхьахә иартәоит 9 миллионк швециатә крон (940 000 доллар).

АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. 2019 шықәса рзы Аҭынчраз Нобель иԥхьахә иоуит Ефиопиа аԥыза-министр Аби Ахмед Али ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аҭынчраз Нобель иԥхьахә иоуит Ефиопиа аԥыза-министр Аби Ахмед Али арегион аҿы аҭынчра аҟаларазы илшамҭақәа рзы", - иҳәеит Нобель иԥхьахә анашьараз аилак ахаҭарнак. Аилак иазгәанаҭеит Ефиопиеи Еритреиеи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра.

Нобель иԥхьахә алитературазы изауз рыӡбахә ҳәоуп - Sputnik Аҧсны
Нобель иԥхьахә алитературазы изауз рыӡбахә ҳәоуп

Академиа, 1786 шықәса рзы акрал Густавом III ишьаҭаиркит ашвед бызшәеи алитературеи рыҿиара ацхырааразы. Альфред Нобель иҵыхәтәажәаҿы аиҿкаара анапы ианиҵеит аԥхьахә занашьатәу иалкаара. Академиа иалахәылацәоуп 18-ҩык. Урҭ рыԥсы ҭанаҵы Академиа ишалахәылацәоу иаанхароуп.

Традициак аҳасабала ишышьақәгылоу еиԥш Нобель иаԥхьахә алауреатцәа аԥхьахә рыҭара ацеремониа мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 10 рзы, иара ашьаҭаркыҩ, швециатәи анаплакҩы Альфред Нобель (1833-1896) иԥсраҽны.

Ишьаҭаиркыз аԥхьахәқәа хәба рҟынтәи ԥшьба Стокгольм ирырҭоит. Аҭынчраз аԥхьахә заҭәашьоу Осло ирырҭоит.

2019 шықәсазы аԥхьахә иартәоит 9 миллионк швециатә крон (940 000 доллар).

Ажәабжьқәа зегьы
0