Facebook Арктика иазкыз "Россия сегодня" асаит анаркит

Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа алагамҭаз Facebook апроект Арктик.ру англыз бызшәала аверсиа аусура аԥкра иалагеит.

АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik. Facebook МИА "Россия сегодня" апорталқәа руак Arctic.ru аусура аанакылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Arctic.ru адаҟьақәа руак иахьатәи аамҭазы ажәа ахақәиҭра аилкаарақәа ирықәшәо иҟоуп аусура аԥкра: ажәа ахақәиҭра Мраҭашәаратәи атәылақәа рзы иҟоуп аха Урыстәылазы иҟам", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Главный редактор телеканала RT и МИА Россия сегодня Маргарита Симоньян - Sputnik Аҧсны
Симониан Facebook аҿы лаккаунт адыркит

"Россиа сегодня" аҟны иазгәарҭеит Facebook ахымҩаԥгашьа - цензуроуп.

"Facebook баԥхьа ҳжурналистцәа раккаунтқәа адыркит. Уажәы аԥсабареи амшә шкәакәақәеи рҟынӡагьы инаӡеит. Ҳара еилаҳкаауеит адунеи рхатә "демократиа" адыргалар шырҭаху. Иҟоу шыҟоу иҳәатәуп. Ари ахҭыс иахьӡу ацензуроуп", - аҳәоит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Ажьҭаарамзазы Sputnik ажурналистцәа раккаунтқәа адыркхьан. Уи ашьҭахь апроект RT адаҟьақәа адыркит, уажәы - МИА "Россия сегодня" арктикатәи апроект адыркит.

Arctic.ru –МИА "Россия сегодня" аспециалтә проектқәа иреиуоуп. 2015 шықәса рзы ихацдыркит. Arctic.ru аԥсабаратә ресурсқәа рпроблемақәа ирылацәажәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0