Британиа ду аҳаирпланқәа Урыстәыла аҳәаа ааигәара иԥшыхәуан

© © Фото : MoD / Crown copyright 2017Самолет радиолокационной разведки ВВС Великобритании Bombardier Global Express Sentinel R.1
Самолет радиолокационной разведки ВВС Великобритании Bombardier Global Express Sentinel R.1 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра изныкымкәа НАТО атәылақәа ргәырҽанырҵахьеит аԥшыхәратә операциақәа мҩаԥырымгаларц, аха алианс аштаб-квартира уи мап ацәнакуеит.

АҞӘА, жьҭаара 23 — Sputnik. Британиа ду Акралтә ҳаиртә мчрақәа ррадиоелектронтә ԥшыхәра аборт Урыстәыла аҩада-мраҭашәаратәи аҳәааҿы аԥшыхәратә хаԥраарақәа мҩаԥнагеит ҳәа аанацҳауеит амониторингтә ресурс PlaneRadar.

ЕАА арра-ҳаиртә мчрақәа рҳаирплан Boeing P-8A Poseidon - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла аҳәаа иадырбалеит иԥшыхәуаз америкатәи аҳаирплан

Boeing RC-135W аборттә номер ZZ666 британиатәи аҳаирбаза Милденхолл аҟынтәи ишьҭыԥрааит. Иара гәаҭан асааҭ 17:25 рзы Калининградтәи аобласт аҵакыраҿы.

Аамҭа-аамҭала аҳәаанырцәтәи арратә ҳаирпланқәа Урыстәыла аҳәаақәа рҿы ирбоит.

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра изныкымкәа НАТО атәылақәа ргәырҽанырҵахьеит аԥшыхәратә операциақәа мҩаԥырымгаларц, аха алианс аштаб-квартира уи мап ацәнакуеит.

Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла ПВО аҷаԥшьаратә хәҭақәа лассы-лассы рҳаирпланқәа аҳауахь ихалоит аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара аԥырҟәҟәааразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0