Forbes Урыстәыла реиҳа амал змоу аҳәса рыӡбахә аҳәеит

© Sputnik / Сергей Березин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕлена Батурина
Елена Батурина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Forbes излазгәанаҭо ала, амал ахәшьара шьақәгылоуп зыӡбахә рҳәо амалуаа иртәу активқәа инарықәыршәаны.

АҞӘА, жьҭаара 24 - Sputnik. Урыстәыла зегь раасҭа амал змоу ҳәа дшьоуп Москва уаанӡатәи ахада Иури Лужков иԥҳәыс Елена Батурина ҳәа аҩуеит Forbes.

Батурина лмал ахәшьара иартәоит 1,2 миллиард долларов. Аҵыхәтәантәи абжьышықәса лара Forbes ареитинг ала аԥхьагылара лымоуп. Аҩбатәи аҭыԥ нылкылоит аинтернет-дәқьан Wildberries ахатәтәҩы Татиана Бакальчук - миллиард доллар. Раԥхьаӡа акәны ареитинг ахь даҵанакит Татиана Ковальчук, абанк "Россия" акционер хада Иури Ковальчук иԥҳәыс (600 миллион доллар).

Уи длышьҭанеиуеит амиллиардер Дмитри Рыболовлев иԥҳәыс Елена (600 миллион доллар), нас - аилахәыра "Прогресс" акционер Ольга Белиавцева (550 миллион доллар).

Ажурнал адыррақәа рыла еиҳа амал змоу ҳәа ишьо аҳәса рмал аицыхәшьара иартәоит 9,9 миллиард доллар.

Ажәабжьқәа зегьы
0