Урыстәылеи Африкеи 800 миллиард рыхә аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩит

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодготовка к экономическому форуму "Россия – Африка"
Подготовка к экономическому форуму Россия – Африка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекономикатә форумқәа рҟны анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭрақәеи амеморандумқәеи рыхәԥса 800 миллиард мааҭ артәоит.

АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik. Шәача имҩаԥысуеит аекономикатә форум Урыстәыла — Африка. Урыстәыла ахада иабжьгаҩ Антон Кобиаков иажәақәа рыла аиқәшаҳаҭрақәа рыхәԥса азеиԥш хышәа-ҵышәа 800 миллиардк иахысуеит, аха ари ҵыхәтәантәим ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Уаанӡа Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәылеи Африкеи реиқәшаҳаҭрақәа ртәы ҳәо иазгәеиҭахьан афатәаалыҵтә експорт 22 миллиард доллар артәоит, абџьар — 15 миллиард доллар артәоит ҳәа.

Афорум иалахәуп 40-ҩык рҟынӡа аҳәынҭқаррақәа рхадацәеи 120-ҩык рҟынӡа аҳәаанырцәтәи аусқәа рминистрцәеи. Афорум иара убасгьы иалахәын ЕАА, Британиа ду, Франциа, Австралиа, Канада рхаҭарнакцәа. Иааидкыланы афорум иалахәын ф-нызқьҩык рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0