Леонид Пасечник: Зеленски "изеигәыӷуа хаданы" мацара даанхар алшоит

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛеонид Пасечник
Леонид Пасечник - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
РИА Новости аинтервиу азҭаз Лугансктәи жәлар рреспублика ахада Леонид Пасечник еиҭеиҳәеитКиев аҳәамҭақәа ареспубликаҿы ишрыдыркылаз, Украина шықәсык аҩнуҵҟа Донбасс аҭынчра шьақәнартәоит ҳәа Украина ахада иҳәамҭамҭақәагьы абрахь иналаҵаны.

ЛЖәР ахада РИА Новости аинтервиу анеиҭоз иара убасгьы иҳәеит макьаназгьы атҟәацәа наҟ-ааҟ изеимырымдац, Золотои амҵан амчрақәа зеиҟәырмыҭхац, ареспублика ауааԥсыра рҟынтәи заҟаҩы Урыстәылаа тәылауҩшәҟәқәа роухьоу ртәы.

- Украина ахада Владимир Зеленски апресс-конференциақәа руак аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Донбастәи аҭагылазаашьа шықәсык аҩнуҵҟа аҭыԥ иқәысҵоит ҳәа. Леонид Иван-иԥа, шәара ишԥазышәыԥхьаӡо, абри ахықәкы анагӡаразы иарбан мҩоу дызнылар акәу Украина ахада?

Донецктәи жәлар рреспублика ахада Денис Пушилин - Sputnik Аҧсны
Пушилин: Киев аамҭа инахоит- арадикалцәа ргәы ҟарҵошәа ддырбоит

- Ари азҵаара аӡбразы Зеленски амчлшара ааирԥшыроуп. Иара аҿҳәара алкааны ишиҳәазгьы, ареспубликақәа рҿы ари аҳәамҭа гәрамгарыла ирыдыркылеит. Зеленскии икомандеи ирҳәахьо маҷӡам, аха рыҟаҵа маҷуп, Порошенко иааиеицәоума уҳәо иҟоуп. Иааҟәымҵӡакәа Донбасс аҭынчра ҟалоит ҳәа апланқәа ирылацәажәоит. Ари политикатә модахеит. Уаанӡатәи украинатәи аполитикцәа Донбасс ауаажәлар шнырҵәатәу ҳәа еицлабны иалацәажәозар, уажәы аимак аҭыԥ ишықәҵахо ҳәа апланқәа ҳадыргалоит. Акреилызцо ауаҩы минсктәи аформат Украина ахыкәшара шзалымшо еиликаауеит. Аха аргәыӷра аус нагӡаны аҟаҵара акәӡам. Ахы нахыга-аахыгара, "нормандтәи аформат" алаф ахҳәаара хәарҭарак алам. Ауснагӡатәқәа ркомплекс–аксиомоуп, адыррагьы уадаҩӡам. Зегь хәҭа-хәҭала иануп. Зеленски иакәзар, ирхиоу аинструкциа шьаҿа-шьаҿала ақәныҟәароуп изынханы иҟоу. Илшар – аҭынчра ҟалоит, илымшар - "изеигәыӷуа хаданы" даанхоит ауп.

- Аофициалтә Киев аҳәамҭа ҟанаҵеит амнистиаз азакәанқәа зегь ҳадаҳкылеит ҳәа, аха Донбасс ареспубликақәа рҿы ари аҳәамҭеи иҟаҵәҟьои геи-шьхеи рыбжьоуп ҳәа. Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа ртекст аҿы амнистиа аӡбахә ҳәоуп алхрақәа рымҩаԥгара аӡбахә аҟынӡагьы. Уи адагьы аекспертцәа ишырыԥхьаӡо ала, амнистиада Донбасс алхрақәа рымҩаԥгара залыршахом. Шәара абри иахышәҳәаарц ишәылшозеи?

Брифинг В. Зеленского в Киеве - Sputnik Аҧсны
Зеленски шықәсык аҩныҵҟа Донбасстәи аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара дақәгәыӷуеит

- Амнистиа – минсктәи аиқәышаҳаҭрақәа рпунктқәа ируакуп. Иара анагӡара мап ацәкуа украинатәи аган аҳәынҭқарра дуқәа рабжьагарақәа иргәыҵасуеит ауп иаанаго. Ауснагӡатәқәа ркомплекс Киев агәаԥхарала ак алхны ак алаҵаны иузудкылаӡом. Убри азы ҳара адҵа ҟаҳҵоит, Украина иагәаԥхо иагәамԥхо ҳәа ҳазхьамԥшыкәа, апунктқәа зегь нагӡатәуп ҳәа.

- Инарҭбааны атҟәацәа реимдара мҩаԥган 2017 шықәса рзы. Абри ахырхарҭала аиҿцәажәарақәа шԥамҩаԥысуеи, ԥхьаҟатәи ҿҳәарақәакгьы шәырхьыԥшуама?

- Арратә тҟәацәа реимдаразы Лугансктәи жәлар рреспублика аусутә гәыԥ абарҭ ашықәсқәа зегьы иалшо зегь ҟанаҵоит ҳуааԥсыра рыҩныҟақәа ихынҳәырц азы. Хаҭала ҳара ҳхыдҵақәа зегьы наҳагӡоит, адиалоггьы есқьынгьы ҳазыхиоуп. Аха убри аан ҳаппонентцәа рганахь ала усеиԥш агәаҳәара ыҟаны иаабом, убри азы аҿҳәарақәагьы ҳазрылацәажәом.

- Украинатәи арратә мчрақәа мап ацәыркуеит апункт Золотое аҿы ар реиҟәыҭхара. Шәара шәгәаанагарала уи мзызс иамоузеи?

Донецки Лугански аобластқәа рҟны ауаа рышәҟәҭаҩра хацдыркит - Sputnik Аҧсны
Донецки Лугански аобластқәа рҟны ауаа рышәҟәҭаҩра хацдыркит

- Даҽазныкгьы исҳәоит – иҟоуп узықәныҟәаша аплан. Уи Донбасс аҟны аҭынчра алнаршоит. Уи ма уқәныҟәароуп, ма уқәымныҟәароуп. Жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны Украина ахаҭарнакцәа рхыдҵақәа ахьынармыгӡо зеиԥш ажәала иахьалацәажәо иаразнакы агәыҩбара узцәырнамгарц алшом, ак ҟарҵарцгьы шырҭахым убоит. Агәаанагара цәырҵуеит Зеленски анационалистцәа риааира илымшацт ҳәа. Ҳазыԥшып иҟало. Уаҩы иџьеишьартә иҟоуп Украина ахада афашистцәа ргәыԥ рнацәа дахьахадыргьежьуа.

- Уажәы ЛЖәР аҟны ауааԥсыра массала арзаҳалқәа аларҵоит Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы. Ишәызҳәома атәылауаҩшәҟәқәа роуразы заҟа зыҳәа нашьҭу?

- Иахьатәи аамҭазы 30 нызқьҩык ареспублика ауааԥсыра Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩшәҟәқәа роухьеит. Даҽа 50 000-ҩык иахәҭоу адокументқәа аздырхиахьеит. Ашықәс анҵәамҭазы атәылауаҩшәҟә аиура апроцесс иалахәу рхыԥхьаӡара 100 000-ҩык иреиҳахоит. Иазгәаҭатәуп абри аус иалахәу зегьы ҳәоуеиқәшәала аус шыруа. Уажәы ҳара аелектронтә гәаран аусура иалаҳаргеит, уи ҳтәылауаа амаҵзура харантә рхы иадырхәартә еиԥш аҭагылазаашьа рнаҭоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0