Девид Линч "Оскар" ианаршьеит

© AFP 2023 / HEIKKI SAUKKOMAA / LEHTIKUVAДевид Линч "Оскар" ианаршьеит
Девид Линч Оскар ианаршьеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Америкатәи акиноакадемиа аҳамҭақәа ранашьара ажәеизатәи ацеремониа мҩаԥысит амҽыша ауха Лос-Анджелес.

АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Америкатәи арежиссер Девид Линч аԥхьахә "Оскар" ианашьахеит акиноиндустриа аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы ҳәа аанацҳауеит Америкатәи акиноакадемиа Twitter аҿы.

"Ажәа рацәа аҳәара зҟазшьам Девид Линч "Аҳаҭыртә Оскар" ианашьоуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Линч идагьы аԥхьахә ранашьахеит акиноактиор Уес Стиуди арежиссиор Лин Вертимиуллери. Академиа ԥхынгәымзазгьы ирыланаҳәахьан аҳаҭыртә ԥхьахә ранашьахоит Линч, Стиуди, Вертимиулер ҳәа урҭ рылшамҭақәа рзы ҳәа.

Ааигәа америкатәи ажурнал Rolling Stone ишьақәнаргылеит реиҳа узыршәо асериалқәа рреитинг. Арахь иаҵанакит 30 сериал. Девид Линч идрама "Твин Пикс" актәи аҭыԥ ааннакылеит.

Девид Линч - америкатәи арежиссер, амузыкант, асценарист, асахьаҭыхыҩ, афотоҭыхыҩ. Аԥхьахәқәа "Золотая пальмовая ветвь", "Золотои лев" ианаршьахьеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0