Пакистан адәыӷба амца ахьакыз аԥсыҭбарақәа ҟалеит

© Foto / Michael BarthПламя
Пламя - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Заанаҵтәи адыррақәа рыла адәыӷбаҿ амцакра ҟалеит ахәыҟаҵаразы рхы иадырхәоз агаз баллон аԥжәара иахҟьаны.

АҞӘА, жьҭаара 31 — Sputnik. Пакистан адәыӷба амцакра иахҟьаны 62-ҩык ауааԥсыра ҭахеит, жәаҩыла ахәрақәеи абылрақәеи роуит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ателеканал Geo TV адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Арыцҳара ҟалеит апровинциа Пенджаб аҿы.

Адәыӷба ақалақь Карачи аҟынтә Равалпинди ахь амҩа иқәын. Заанаҵтәи адыррақәа рыла адәыӷбаҿ амцакра ҟалеит ахәыҟаҵаразы рхы иадырхәоз агаз баллон аԥжәара иахҟьаны. Аԥхьатәи авагонқәа хԥа иаразнакы амца иамҽханакит, иныҭкаангьы иблит.

Пакистан аихамҩақәа рминистр Шеих Рашид иажәақәа рыла аиҳараҩык адәыӷбаҟынтәи рхы еиқәдырхарц ианыԥоз иҭахеит. Иара ихәшьарақәа рыла аихамҩала аныҟәара еиҭашьақәыргылахоит сааҭқәак рышьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0