Зеленски "ахи-ахәшәи еснагь еибаго ихиазар ауп" иҳәеит, ируаа дрыдныҳәало

CC BY 4.0 / Администрация Президента Украины / Владимир Зеленски
Владимир Зеленски - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украина аракетатә ари артиллериеи рыррамаҵзурауаа рымш азгәарҭоит есышықәса абҵара 3 рзы. Украина ахада Владимир Зеленски урҭ дрыдныҳәалеит.

АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik. Украина ахада Владимир Зеленски аракетатә ари артиллериеи рыруаа дрыдныҳәало иазгәеиҭеит "ахи-ахәшәи еснагь еибаго иҟазар ауп" ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Иахьа, амчрақәа реидыгара ҳанаҿу аамҭазгьы еснагь шәыхианы шәыҟазароуп", - иҳәеит Зеленски, ар дрыдныҳәало.

Леонид Пасечник - Sputnik Аҧсны
Леонид Пасечник: Зеленски "изеигәыӷуа хаданы" мацара даанхар алшоит

Жьҭаара 1, 2019 шықәса рзы Минск, аинырратә гәыԥ аиԥылараан Лугансктәи Донецктәи жәлар рреспубликақәа рҿы ақыҭақәа Золотои Петровскии рҟны ар реидыгара иалагазарц иалацәажәан. Ауснагӡатә хацыркхараны иазыԥхьагәаҭан жьҭаара 7 рзы. 30 уахи-ҽни рыҩнуҵҟа ихыркәшахар акәын, аха Киев хынтә абри аус еиԥнаҟьеит.

Донбасс ареспубликақәа жьҭаара 9, 10, 11 рзы рҽазыршәеит абри аус амҩаԥгара, аха Киев аҽазныкгьы абжьы ақәнамыргеит. Золотое иахьаҵанакуа амчрақәа реидыгара иалагеит жьҭаара 29 рзы, Петровское иахьаҵанакуа абҵара 4 рзы ихацыркхоит ауснагӡатә.

Украина амчрақәа 2014 шықәса рзы иалагеит арратә операциа Лугански Донецки ареспубликақәа рганахьала. Арҭ ареспубликақәа ахьыԥшымра рыларҳәеит 2014 шықәса жәабранмзазы. ЕАР адыррақәа рыла абри аамҭа иалагӡаны иҭахахьеит 13 нызқьҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0