Урыстәыла еизгоу ашьапылампылтә команда аформа ҿыц мап ацәнакит

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла еизгоу ашьапылампылтә
Урыстәыла еизгоу ашьапылампылтә - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәсазтәи Европа ачемпионат азы ирхиаз Урыстәыла ашьапылампылтә команда аформа ҿыц аӡыргара мҩаԥган абҵара 7 рзы. Акоманда аформа ҿыц рышәҵаны абҵара 16 рзы Бельгиа акоманда иацыхәмарраны иҟан.

АҞӘА, абҵара 13 – Sputnik. 2020 шықәсазтәи Европа ачемпионат ахь алхратә хәмаррақәа рҿы урыстәылатәи акоманда ажәытә форма рышәҵаны иқәгылоит ҳәа аҩуеит Р-Спорт.

Акоманда ахәмарыҩцәа рҟынтәи шамахамзар аӡәгьы игәамԥхеит аформа ҿыц. Уи мзызс иамоу акьаҿқәа рмаӷрақәа рҿы урыстәылатәи абираҟ ацәаҳәақәа аарҳәны иануп.

2020 шықәсазтәи Европа ачемпионат азы ирхиаз Урыстәыла ашьапылампылтә команда аформа ҿыц аӡыргара мҩаԥган абҵара 7 рзы. Аха абираҟ ацәаҳәаԥшшәқәа: аҟаԥшь, ажәҩангәыԥшшәыла, ашкәакәа реиҭныԥсахлара аарҳәны иҟалеит.

Урыстәыла акоманда 2020 шықәсазтәи Европа ачемпионат ахы алархәра алшеит кипраа ианыриааи ашьҭахь. Алкааратә хәмаррақәа аҵыхәтәантәи ретап аан Бельгиеи Сан-Маринои ркомандақәа ирԥылараны иҟоуп абҵара 19 рзы. Атурниртә таблицаҿы дара аҩбатәи аҭыԥ ааныркылоит 21 очко рыманы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0