Иаанкылаз украинатәи аӷбақәа Керчтәи аӡыбжьахала аанрыжьуеит

© Sputnik / Пресс-служба пограничного управления ФСБ РФ по Республике Крым / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИаанкылаз украинатәи аӷбақәа Керчтәи аӡыбжьахала аанрыжьуеит
Иаанкылаз украинатәи аӷбақәа Керчтәи аӡыбжьахала аанрыжьуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара инамаданы ашьаус хацнаркит, аҳәарагь ҟанаҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак Азовтәи амшын аҿтәи аҭагылазаашьаз ҷыдала алацәажәара мҩаԥнагарц.

АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik. 2018 шықәса абҵарамзазы Амшынеиқәаҿ иаанкылаз Украинатәи аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Кап", Керчтәи аӡыбжьахала аанрыжьит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ирбаандаҩу украинатәи амшынуаа раанкылара аҿҳәара иацҵоуп - Sputnik Аҧсны
Ирбаандаҩу украинатәи амшынуаа раанкылара аҿҳәара иацҵоуп

"Аӷбақәа урыстәылатәи аҵакыраӡқәа ирҭысны ицоит . Украина аганахь алагьы ирԥылоит аӷбақәа", - иҳәеит Севастополь ахьӡала Аҳәынҭқарратә думаҿ иҟоу Дмитри Белик.

2018 шықәса абҵарамзазы Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иаххәыцуамызт ҳәа. Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит Урыстәылатәи амшынԥшаҳәаҟынӡа 20 километра рҟынӡа бжьани Ҟрымтәи ацҳа аӷбақәа ахьыҵысуа аҟынтәи 50 километра рҟынӡа набжьани.

Абри аан хҩык украинатәи амшынуаа ахәрақәа роуит. Урҭ ахәышәтәырҭаҿы ацхыраара рырҭеит.

Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара инамаданы ашьаус хацнаркит, аҳәарагь ҟанаҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак Азовтәи амшын аҿтәи аҭагылазаашьаз ҷыдала алацәажәара мҩаԥнагарц.

Уи ашьҭахь Украины ААР Вадим Пристаико аҳәамҭа ҟаиҵеит украинатәи аруаа рыӷбақәа иахьакәзаалак рыцхраара иазыхиоуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0