RT, Sputnik Brexit аламҭалаз аларҵәара рыман

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраRT, Sputnik Brexit аламҭалаз аларҵәара рыман
RT, Sputnik Brexit аламҭалаз аларҵәара рыман - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Великобританиа Апарламент ашәарҭадареи аԥшыхәреи реилак ажәахә аҿы иалацәажәоуп Британиа Евроеидгыла алҵраз ареферендум Урыстәыла аҽалархәра аҽазнашәоит ҳәа.

АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik. Великобританиа Апарламент ашәарҭадареи аԥшыхәреи реилак (ISC) аҟны агәаанагара рымоуп RT-и Sputnik-и асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа анырра рырҭоит Британиа Евроеидгыла алҵраз ареферендум аламҭалаз ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ The Times адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Логотип телеканала Russia Today на здании в Москве - Sputnik Аҧсны
Песков ателеканал RT аблокировказ: ҳзинқәа мап рцәаҳкуам

"260 рҟынӡа статиа RT-и Sputnik-и рҟны ареферендум аламҭалаз Twitter аҿы ианылеит. Дара рыԥхьартә алшара роуит 134 миллион-ҩык", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Убри аан ISC иамаӡам адырра "Урыстәыла ахалагалара" абжьыҭира алҵшәақәа анырра рнаҭо ирнамҭо азы.

"Ҳмаҵзура ҷыдақәа Урыстәыла анырра ахьынӡаҟоу азы алкаақәа рзыҟамҵазар, аҭак хымԥада изҭахны иҟоу азҵаара цәырнагоит", - лҳәоит Алеиборист партиа алахәыла Емили Торнберри.

Жьҭаарамзазы ISC Британиа аԥыза-министр Борис Џьонсон 50-бӷьыц иҟоу адырранҵа изынанашьҭит 2016 шықәсазтәи Brexit 2017 шықәсазтәи алхрақәеи рҟны Урыстәыла "анырразы". Уаанӡатәи апрокурор хада Доминик Грив иажәақәа рыла Џьонсон адокумент акьыԥхьра аҿарԥақәа аҭаны иалимыршеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0