Урыстәылатәи аруаа ЕАА Шьамтәыла инрыжьыз арратә база ааныркылеит

© Sputnik / Михаил Алаеддин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла арратә полициа
Урыстәыла арратә полициа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла арратә полициа Шьамтәылатәи арабтә республика аҩадатәи ахәҭаҿы рхылаԥшратә уснагӡатәқәа дырҭбаауеит.

АҞӘА, абҵара 21 - Sputnik. Урыстәыла арратә полициа Шьамтәыла аҩадатәи ахәҭаҿы рхылаԥшратә уснагӡатәқәа дырҭбаауеит, арахь иаҵанакит иааныжьу америкатәи абаза "Сиррин". Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, урыстәылатәи арратә полициа аофицар Сафар Сафаров иажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Аррамаҵзурауаа агуманитартә цхыраара аколоннақәа мҩаԥыргоит. Амаршрутқәа еиуеиԥшым, иҟалалоит акәылӡтәы машьына "Тигр" ҽнак 200 километра иреиҳангьы ианымҩасуа иҟоуп.

Урыстәыла арратә полициа Шьамтәылатәи аеродром аҟны итәеит - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла арратә полициа Шьамтәылатәи аеродром аҟны итәеит

"Америкаа анықәҵ ашьҭахь ахылаԥшрахь иаҵанакит акантон Манбиџи уи акәша-мыкәшеи. Ҳара аколоннақәа зегьы мҩаԥаагоит уахи-ҽни еилымхкәа", - иҳәоит Сафаров.

ЕАА авиабаза "Сиррин" аҟынтәи америкаа ааигәа иқәҵит. Аҳаиртә баӷәаза акомендант Метрас иазгәеиҭеит уа анџьныртә усурақәа шымҩаԥысуа, ар реилазаара аҭышәныртәаларазы аусурақәа шцо.

"Ар рыҟазааразы аҭагылазаашьақәа зегьы рзаԥҵоуп, иақәнагоу аматериал-техникатә еиқәрышәара шьақәыргылоуп", - иҳәеит иара.

Ашьҭыԥраара-тәарҭатә цәаҳәа кьыс амам. Уажәы ара игылоуп урыстәылатәи арратә авиациа. Дара арахьынтәи Шьамтәыла аҩадатәи араионқәа хылаԥшра рырҭалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0