Вышинскии Бутинеи Урыстәылаа аҳәаанырцә рзинқәа рыхьчара ирылацәажәоит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПресс-конференция К. Вышинского
Пресс-конференция К. Вышинского - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз ашықәс аҩныҵҟа аҭыԥ рыман 600 рҟынӡа хҭыс, урыстәылаа еиуеиԥшым атәылақәа рҿы ҵаҵӷәыда ианааныркылоз, атәыла ианалырцоз, иандырбаандаҩуаз ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарратә дума адепутат Леонид Слуцки.

АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аҳәынҭқарратә дума аилак астол гьыжь мҩаԥнагараны иҟоуп урыстәылаа аҳәаанырцә рзинқәа рыхьчара апроблема иазкны. Аилацәажәара иалахәхоит ааигәа америкатәи абахҭа иҭрыжьыз Мариа Бутинеи ажурналист, МИА "Россия сегодня" анагӡаратә директор Кирилл Вышинскии.

Мариа Бутина - Sputnik Аҧсны
Мариа Бутина: абахҭаҿы сара Раша ҳәа исышьҭан

Аилак ахантәаҩы Леонид Слуцки ишиҳәаз ала урыстәылаа рзинқәа рыхьчара амшхәаԥштә азҵаара иқәгылоижьҭеи акрааҵуеит.

"Угәы унархьуеит урыстәылаа еиуеиԥшым атәылақәа рҿы ҵаҵӷәыда ианааныркыло, атәыла ианалырцо, иандырбаандаҩуа. Иналукаартә ахы мҩаԥнагоит ЕАА. Иара адунеи зегьы аҿы урыстәылаа ирышьҭашәарыцоит ҳәа уҳәар алшоит", - иҳәеит Слуцки ажурналистцәа дрыҿцәажәо.

Иара игәаанагарала абри аамҭазы Урыстәыла ауааԥсыра рыхьчара амеханизм аус адулатәуп, аҽеидкылара аҭахуп.

"Абри азы иҟаҵатәу астол гьыжь аҟны ҳаилацәажәараҿы иаҳарбоит", - иҳәеит иара.

Астол гьыжь ахь Бутинеи Вышинскии реиԥш инаԥхьоуп Урыстәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара знапы иану Татиана Москалькова, "Россотрудничество" ахада Елеонора Митрофанова, ауаҩытәыҩса изинқәа рзы акомиссиа ахада Александр Брод, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Апрокуратура Хада, адепутатцәа рхаҭарнакцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0