Папа Римтәии Иапониа аимператори Токио еиԥылеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПапа Римтәи Франциск
Папа Римтәи Франциск - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 24 рзы Франциск Нагасаки иқәгылараан ааԥхьара ҟаиҵеит адунеи аиадертә бџьар мап ацәнакырц. Абри ашьҭахь иара даҭааит Хиросима. Ари ақалақь 1945 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны атомтә бомба алажьын.

АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Папа Римтәи Франциск, визитла Иапониа иаҭоу, атәыла аҳҭнықалақь аҿы аимператор Нарухито диԥылеит. Аиԥылара 20 минуҭ ицон ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ателеканал NHK адыррақәа шьаҭас иганы.

Официальный визит президента РФ В. Путина в Италию - Sputnik Аҧсны
Путини Римтәи Папа Франциски еиԥылеит

Нарухито Иапониа аимператорс дҟалеит 2019 шықәса лаҵара 1 азы. Уаанӡа императорс иҟаз иара иаб Акихито иакәын.

1984 шықәса рзы Нарухито Ватикан иҟазаараан усҟантәи Папа Римтәи Иоанн Павел Аҩбатәи дидикылеит.

Апонтифик иара убасгьы диԥылараны дыҟоуп аԥыза-министр Синдзо Абе.

Апонтифик Амра ахьгыло атәыла раԥхьаӡа акәны даҭааит. Уаанӡа, акатоликцәа рхада Иапониа даҭан 38 шықәса раԥхьа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0