Венесуела фымцалашарада ҩ-миллионк рҟынӡа ауааԥсыра аанхеит

© Sputnik / Эва Мари Ускатеги / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАфымцалашара
Афымцалашара  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аганахьтәи  анаԥшыҩцәа ргәаанаграла афымцалашара аиԥҟьара зыхҟьо аинфраструктура аҩаӡара каҳан иахьыҟои амыругақәа ахьажәхьои ауп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын  3 - Sputnik. Ԥхынҷкәын 2 рзы Венесуела фымцалашарада ҩ-миллионк рҟынӡа ауааԥсыра аанхеит  ҳәа аанацҳауеит  РИА Новости.

"Асааҭ  11:46 рзы Амилаҭтә фымцамчтә система  Ель-Табласо инаркны  Сулии аҟынӡа аиԥҟьара аиуит. Убри инадҳәаланы , амуниципалитетқәа жәпакы лашарада иаанхеит. Corpoelec иҟалаз амзызқәа рыҭҵаара иаҿуп»  ҳәа Twitter аҿы иҩит  Маракаибо ахада.

Уаанӡа, Венесуела зегь реиҳа идуу агидрофымцастанциа "Эль-Гури" аҟны хәажәкыра 7 рзы иҟалаз авариа атәыла аҭоурых аҟны афымцалашара иаиухьоу аԥхасҭақәа иреиҳауп: 23 штат рҟынтәи 20 фымцалашарада иаанхеит. Хәажәкыра 25 рзы уи афымцастанциаҟны авариа еиҭаҟалеит, уи ашьҭахь 21 штат ҩаԥхьа фымцалашарада иаанхеит.

Урыстәыла ахада Владимир Путин ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков - Sputnik Аҧсны
Песков Венесуела ацхырааразы: ҳусеицура иацаҳҵоит

Афымцалашаразы Амилаҭтә корпорациа (Corpoelec) иҟалаз Венесуела иаҿагыло диверсиоуп ҳәа ахнаҳәааит.

Ажьырныҳәа 21 рзы Венесуела иахьатәи ахада Николас Мадуро иҿагыланы Каракас ақәгыларақәа ирылагеит. Апарламент аспикер Хуан Гуаидо ажьырныҳәа 23 рзы атәыла ахадас ихы рылеиҳәеит.

Усҟан Гуаидо истатус адгылара арҭеит: ЕАА, Канада, Аргентина, Бразилиа, Чили, Колумбиа, Коста-Рика, Гватемала, Гондурас, Панама, Парагваи, Перу, Қырҭтәыла.

Урыстәыла Мадуро адгылара инаҭоит аконституциатә шьаҭа зманы иҟоу атәыла ахадак иҳасаб ала.

Европатәи атәылақәа зеижә: Испаниа, Португалиа, Германиа, Великобританиа, Даниа, Нидерланды, Франциа, Венгриа, Австриа, Финлиандиа, Бельгиа, Лиуксембург, Чехиа, Латвиа, Литва, Естониа, Польша, Швециа, Хорватиа, Македониа, Румыниа - жәабран 4 рзы рнапы еицаҵарҩит адекларациа, уа иазгәарҭеит Хуан Гуаидо аамҭалатәи Венесуела ахада ҳәа дшазхарҵо азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0