НАТОи Урыстәылеи реимамбзиара Урыстәылаз хра алоума

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНАТО
НАТО - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩадатлантикатә алианс анапхгаҩцәа, Еммануель Макрон иажәақәа рыла "зыхшыҩ ҭыкәкәаз", апроблемақәа ирылацәажәараны иҟоуп.

МОСКВА, ԥхынҷкәын 3 — РИА Новости, Софиа Мельничук. Аҩадатлантикатә алианс анапхгаҩцәа, Еммануель Макрон иажәақәа рыла "зыхшыҩ ҭыкәкәаз", апроблемақәа ирылацәажәараны иҟоуп. НАТО 70 шықәса ахыҵра иазку асаммит аҿы аныҳәатә ҭагылазаашьа алыршахо иалмыршахо атәы аҳәара уадаҩуп. Аилибамкаарақәа убриаҟара еизеит, ауснагӡатә аӡәы иахьимбо иахьимаҳауа амҩаԥгара еиӷьны иазырыԥхьаӡеит. Аиубилеитә ныҳәа ԥсыжрахар алшо иалымшо еилнаргоит РИА Новости.

Трибуна в зале для пресс-конференций штаб-квартиры НАТО. - Sputnik Аҧсны
НАТО шыԥсуа амырзаразы аилацәажәарақәа мҩаԥнагоит

"Хышә акр ирҭаӡо аграфство Хартфордшир акурорт The Grove — иреиӷьӡоу, хә-еҵәак заҭәашьо ԥсшьарҭа ҭыԥуп" ҳәа аӡыргара ҟанаҵоит Лондон 30 километра инацәыхараны иҟоу, НАТО атәылақәа рхадацәа асаммит ахьымҩаԥырго асасааирҭа асаит.

Арахь иааиуа рымаҵ ауразы ихиоуп еиуеиԥшым аспа-комплексқәа, агольф ахәмарырҭақәа, ақьафурҭақәа. Аха асеиԥш амш ахгаразы аамҭа маҷхар ҟалоит – избанзар иӡбатәу апроблемақәа ҵҩа рымам.

"Европа ахрахықә аҟны инеины иҟоуп", ҳәа иҳәон уаанӡа франциатәи аԥхьагыла Еммануель Макрон, Евроеидгыла економикатә мчны адкылареиԥш геополитикатә мчынгьы адкылара хымԥадатәиуп ҳәа азгәаҭо. «Мамзар  ахатәы лахьынҵа унапы ианымлар ҟалоит", - иҳәоит иара.

Иара убасгьы рацәак агәрагара имам НАТО аԥҟаԥҵәа ахәбатәи ахәҭаҷ "Европа атәылақәа ма Аҩадатәи Америка атәылақәа руак аӡә дрықәлар, аблок зегьы иақәлеит ҳәа ишьатәуп" ҳәа зҳәо. 70 шықәса рыҩнуҵҟа ари ахәҭаҷ ахархәара аҭан зынзаҵәык – 2011 шықәса рзы ЕАА атеррористтә жәылара аназуз.

Макрон ииҳәо иаҿагылоит алианс аԥсра агәы иҭам ҳәа. Ус шакәугьы зегьы еилыркаауеит иҟоу ауадаҩрақәа.

"Асаммит шиубилеитәугьы, аилибамкаарақәа реиныршәара ацынхәрас еиҳагьы еибанарххеит", - ҳәа иҳәеит РИА Новости зыҿцәажәоз МГИМО апрофессор, РАН Европа аинституи европатәи ашәарҭадара аҟәша аиҳабы Дмитри Данилов.

Ишьҭыху азҵаарақәа аҭакқәагьы рҭахуп. НАТО атәылақәа рминистрцәа ааигәатәи реиԥылараан Бриуссель Макрон иажәақәа еиԥшны ирыдрымкылеит.

Британиатәи аҭыжьымҭа The Economist аҟны Макрон акритика азыҟаиҵеит Европа апартниор – Еиду аштатқәа. Иара иажәақәа рыла алианс аҟазаара ахәшьарақәа азутәуп.

Дональд Трампи и Эрдоган - Sputnik Аҧсны
Трамп Ердоган идигалеит 100 миллиард доллар шьақәзыртәо аилаӡара

Ахәбатәи  ареспублика ахада игәалаиршәеит Дональд Трамп ииасыз ашықәс азы асаммит аусура хирбгаларц акгьы шигымхаз, атәылахьчараз аныхрақәа ҳаракцәоуп ҳәа ипартниорцәа данраӷьуаз. Аҵыхәтәаны дагьымақарит аиҿкаара ҳалҵуеит ҳәа.

 Америкатәи АИХқәа Пентагон аҿтәи ахыҵхырҭақәа ҵаҵӷәыс  иҟаҵаны адырра ҟарҵеит Трамп салианс абиуџьет 22 инаркны 16 процент рҟынӡа аиҵатәра игәҭакуп ҳәа. Аекономиа зызуу аԥарақәа Қырҭтәылеи Украинеи рыцхыраараз ашьҭра азыԥхьагәеиҭоит.

Макрон иажәақәа рыла Трамп — "европатәи апроект" аидеиа иадымгыло  раԥхьатәи америкатә лидеруп. Абри аан Европа Китаии Ҭырқәтәылеи, Урыстәылеи аҩныҵҟатә шьақәымтәареи ахала ирҿагылоуп. Хәышықәса раԥхьа ари аҩыза ҟалашьа амамызт ҳәа иҳәеит Макрон.

Акзаара еиҳа-еиҳа еилышәәшоит. Ашәарҭадара еиҿызкаауа алианс ҳәа ззырҳәоз аиҿкаарагь аҟамзаара амҩа иқәуп ҳәа РИА Новости аинтервиу аҭо, иазгәалҭеит Наталиа Еремина – аҭҵаарадыррақәа рдоктор, СПбГУ апрофессор.

Александр Рар - Sputnik Аҧсны
Европа аамҭа цеит, Азиа ауаатәыҩса рҭоурых аҩуеит

"Ганкахьала  НАТО адунеи аҿы иреиҳаӡоу арра-политикатә блок ҳәа ишьоуп, аха иара аҩныҵҟа еиуеиԥшым аинтересқәа еизҳауеит. Аԥхьанатә алианс аҟны азинмчқәа еихшамызт, аԥхьагыла ҳәа ишьаз ЕАА акәын, уажәы аамҭа аҽеиҭанакит", - лҳәоит аексперт.

Президент Франции Эммануэль Макрон - Sputnik Аҧсны
Макрон: Франциа ар мрагыларатәи Адгьылбжьарамшын иахьаԥну ишыҟац иаанхоит

Асаммит атема хадақәа ируакуп Ҭырқәтәыла. Амца еихәлеиҵоит ҭырқәтәыла ахада  Реджеп Таип Ердоган. Иара Макрон иахь ихы рханы "уара" ҳәа иҳәоит. Аиҿкааразы Париж аҵакы ларҟәуа.

"НАТО азы Франциа иаҵаку сыздырам аха Ҭырқәтәыла аҵак ду аманы иҟоуп. Макрон НАТО ахшыҩ ԥсит ҳәа иҳәоти. Ҳаҭыр зқәу Макрон, уара аԥхьа ухшыҩ шыҟоу гәаҭ, избанзар асеиԥш ицәажәо зыхшыҩ ҭыкәкәахьо роуп", - иҳәеит иара.

Дмитри Данилов иажәақәа рыла Ҭырқәтәыла алианс аҩныҵҟа аиҿагыларақәа цәырнагоит.

"Аҭырқәцәа  ргәаанагарала, НАТО ахықәкы нагӡо аколлетивтә ҽыхьчара мҩаԥнагалароуп еицеизеиԥшны", - иҳәеит иара.

Анкара акәзар, алианс Мрагылара имҩаԥнаго аҽазышәарақәа аԥнарҟәҟәаар алшоит.

"Ара апроблемақәа рацәаны рҽеихырдоит: Урыстәыла азыҟазаашьа, Европа — ЕАА — Ҭырқәтәыла реизыҟазаашьа, НАТО арратә планшьақәыргылара уҳәа ирацәаны. Убри аан еилкаам аиқәҳәаларҭа ԥыртлашьас иаҭатәу", - ҳәа азгәеиҭоит апрофессор.

Иазыԥшуп Аҩадатлантикатә алианс акосмостә ҵакыра иҿыцу оперативтә сфераны иазырыԥхьаӡоит ҳәа.

Арахь иаҵанакуа арра-техникатә сфера мацара акәӡам. Данилов ишиҳәо ала акосмостә системақәа уажәгьы ушьҭангьы еиқәзыршәало ЕАА ауп.

Китаи аҽышьҭыхра — стратегиатә зҵаароуп. Уигьы хымԥада азхьаԥшра аиуеит асаммит аҿы. Чадунеитә аренаҿы Пекин  ашьҭыҵра НАТО атәылақәа агәҭынчымра рызцәырнагоит. ЕАА Китаи ашәарҭадара ҵызшәаауа рҟны ихадоу акәны асиа ианарбоит, Евроеидгыла акәзар, Китаи стратегиатә, економикатә ндаҭлаҩны иахәаԥшуеит.

Асаммит аламҭалазы аҽыргәаланаршәеит жәларбжьаратәи атерроризм. Абҵара 29 рзы Лондонтәи ацҳаҿы аекстремист иҭаирхеит Кембриџь аушьҭымҭацәа ҩыџьа. 28 шықәса зхыҵуаз ашьҩы ҩышықәса раԥхьа доужьын атерроризм далахәуп ҳәа дышҭакызгьы.

Дональд Трамп - Sputnik Аҧсны
Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит ИГ* ахада аль-Багдади дҭархоуп ҳәа

Иҟалон зегь ҳаидгылар, аха аидгылара иаԥырхагоуп Москва аҿагылара ҳәа лҳәоит Наталиа Еремина.

"Арахь Урыстәылоуп аисламтә радикализм иаҿагылаҵәҟьоу. Ҷыдала Шьамтәыла. Ашәарҭара аҿаԥхьа уеидгылар ауеит аха НАТО зҭарцалаз аидеологиатә ҳәаақәа  цәгьарамзар бзиа рхылҿиаауам", - лҳәоит лара.

Уи адагьы иара аблок ахаҭа аилазаара қәыршәуп. Арахь иаҵанакит уаанӡатәи асоцлагер атәылақәа, дара рхатәы ҭоурыхтә ԥышәа рыманы. Урҭ рԥышәа  Мраҭашәаратәи Европа аидеологиа иақәшәаӡом. Арҭ атәылақәа Вашингтон еиҳа рҽадыркылоит, Европаа ракәзар ахьыԥшымра еиҳа ргәы аҳәоит» ҳәа лҳәоит Еремина.

Абри аҩыза агәаанагара дақәшаҳаҭуп Дмитри Даниловгьы. "Аидеологиа Урыстәылаз иҟоу агәаанагара аԥсахра алнаршом", - иҳәоит иара.

Москва азы иҟаланы иҟоу аҭагылазаашьа акны изаднакылом. Ганкахьала — аиҿагыларақәа  Урыстәыла аҿагылара иацхраауеит, аҽаганкахьала — алианс апроблемақәа аназцәырҵлак адунеитә политика адәаҿы Урыстәыла ихадоу факторхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0