Грета Тунберг Нобель ипремиа иаваҟәыло Жәларбжьаратәи аԥхьахә ланаршьеит

© REUTERS / Henry NichollsГрета Тунберг Жәларбжьаратәи аԥхьахә ланаршьеит
Грета Тунберг Жәларбжьаратәи аԥхьахә ланаршьеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа, жьҭаарамзазы екоактивистка ҳәа еицырдырыз швециатәи аҵаҩы Грета Тунберг аҭынчраз Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы аԥхьахә лоуит. Аԥхьахә лананашьеит азинхьчаратә еиҿкаара KidsRights.

СУХУМ, 5 - Sputnik. Грета Тунберг Жәларбжьаратәи аԥхьахә "За достойный образ жизни" (Right Livelihood Award) ланаршьеит. Аԥхьахә ранаршьоит иааҳакәыршан иҟоу аԥсабареи ауаҩытәыҩса изинқәеи рыхьчаразы. Нобель иаԥхьахә иашьашәалангьы ирыԥхьаӡоит.

"Сара сзы Right Livelihood аиура насыԥ дуӡӡоуп. Гәыла-ԥсыла саргьы Стокгольм сыҟоуп!" - ҳәа лҩит лара Twitter аҿы.

Сынтәа Тунберг лыдагьы аԥхьахәқәа ранашьоуп: Мраҭашәаратәи Сахара аҟынтәи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩ Аминат Хаидар, Китаитәи азиндырыҩ Го Цзианьмеи (Guo Jianmei), Бразилиа ашьагәыҭ жәларқәа раԥхьагыла Дави Копенава (Davi Kopenawa).

Тунберг 2018 шықәса рзы Швециатәи Апарламент ахь днеины амчрақәа адҵа рылҭо далагеит адунеитә ҳауа аҽыԥсахра аҿагылара аҭаразы ауснагӡатәқәа рыдыркыларц. Лара лаԥшьгамҭа аҳауа аиӷьтәра иазку жәларбжьаратә ҵысрахеит - FridaysForFuture.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0