ЕАА Урыстәыла аганахьала асанкциақәа дырҭбааит

© Fotolia / AlexkichЕАА Урыстәыла аганахьала асанкциақәа дырҭбааит
ЕАА Урыстәыла аганахьала асанкциақәа дырҭбааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асанкциатә сиахь иаҵанакит 17-ҩык. Урҭ рҟынтәи ҩыџьа - Максим Иакубеци Игор Турашеваи - рыԥшаара рылаҳәоуп.

 

АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. ЕАА Афинансқәа рминистрра аԥшьаша, ԥхынҷкәын 5 рзы ирыланаҳәеит урыстәылатәи аилахәырақәа Evil Corp аиԥш зеиԥшуи  17-ҩык ахатәхаҿқәеи рганахьала асанкциақәа шалагалахо. Асанкциақәа ҵаҵӷәыс ирырҭоит акиберцәгьоурақәа рылахәра. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"ЕАА Афинансқәа рминистрра аҳәаанырцәтәи активқәа рхылаԥшразы аусбарҭа (OFAC) ауснагӡатәқәа аднакылеит аилахәыра  Evil Corp аганахь ала, акиберцәгьоурақәа ирылахәуп, ПО Dridex аланарҵәоит ҳәаиазыԥхьаӡаны» абас арбоуп аусбарҭа адырра атекст аҿы.

Иакубец иԥшаареи иаанкылареи рзы хә-миллион доллар аԥара шшәахо рылаҳәоуп. Афинансқәа рминистрра адыррақәа рыла иара абанктә ԥхьаӡарақәа рҟынтәи 220 миллион доллар рӷьычра иҽазишәон.

Саммит НАТО - Sputnik Аҧсны
"Аҭынчра ахыҵхырҭа", "ахшыҩ аԥсра", "агәыла ду": НАТО аиубилеитә саммит

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ԥхынҷкәын 5 рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит Москва ЕАА аганахь ала ауадаҩрақәа раԥҵара шаҭахым аха аҭак шьаҿақәа шыҟанаҵо.

"Москва ЕАА раганахьала ауадаҩрақәа раԥҵара аҭахым, агәгьы иҭам. Аусеицура хра аҭаны иаднагалоит изакәызаалак ҩныҵҟатәи ма дәныҟатәи хьыԥшрак ҟамҵакәа", - иҳәеит  Лавров италиатәи аинформациатә маҵзура "АСКАньюс" аинтервиу аҭо.

Аминистр иазгәеиҭеит урыстәылатәи аган адиалог ишазыхиоугьы аҭактә шьаҿақәа рыҟаҵара ахәҭаны ишаԥхьаӡо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0