Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра авертолиот каҳаит, аԥрыҩцәа ҭахеит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла Атәылахьчара аминистрра авертолиот каҳаит, аԥрыҩцәа ҭахеит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра авертолиот каҳаит, аԥрыҩцәа ҭахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иазгәаҭоуп авертолиот аҽазыҟаҵаратә ԥырра шымҩаԥнагоз. Иахькаҳаз аҭыԥ аҿы ахыбрақәа ԥхасҭа рмоуит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Ажәыларатә вертолиот Ми-28 Краснодартәи атәылаҿацә аҟны икаҳаит. Аекипаж иалаз ҩыџьа аԥрыҩцәа ҭахеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ишьақәнарӷәӷәеит авертолиот Ми-28 Ҟәбан ишкаҳаз азы аинформациа. Авертолиот ахькаҳаз аҭыԥ шьақәыргылоуп.

Урыстәыла арратә усбарҭа аинформациала, арыцҳара ҟалеит ԥхынҷкәын 11 асааҭ 23:00 рзы аҳаиртә баӷәаза Кореновск ааигәара аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа раан.

Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит акомиссиа, иҟалаз шыҟалаз аҭҵааразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0