Forbes агәаанагарала Ангела Меркель адунеи аҟны реиҳа анырра ҟазҵо ԥҳәысуп

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраForbes агәаанагарала Ангела Меркель адунеи аҟны реиҳа анырра ҟазҵо ԥҳәысуп
Forbes агәаанагарала Ангела Меркель адунеи аҟны реиҳа анырра ҟазҵо ԥҳәысуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иалкаау раԥхьатәиқәа иреиуоуп иара убасгьы Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд аиҳабы Кристин Лагарди ЕАА Рконгресс ахаҭарнакцәа рпалата аспикер Ненси Пелоси.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik. Германиа аканцлер Ангела Меркель 2019 шықәса рзы адунеи аҿы еиҳа анырра зуа 100-ҩык аҳәса рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит ажурнал Forbes адыррақәа рыла ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Германиа аканцлер Ангела Меркель, жәышықәса рыҩнуҵҟа актәи аҭыԥ аанылкылоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Асиахь даҵанакит америкатәи ателемҩаԥгаҩы Опра Уинфри, Британиа ду акрал ԥҳәыс Елизавета II, ЕАА рхада иԥҳа, иабжьгаҩ Иванка Трамп.

Урыстәыла Абанк хада ахантәаҩы Ельвира Набиуллина 53–тәи аҭыԥ аанылкылеит ареитинг аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0