Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ацрых рыԥшааит

© Sputnik / Томас ТхайцукВолны на побережье Черного моря
Волны на побережье Черного моря - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Џьубга иахьаҵанакуааҭыԥқәа рҟны аԥшааратә операциақәа ирылахәын аӷба "Эпрон" аҟынтәи аӡаҵаҟатә ԥшааҩцәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Асоветтә бомбакажьгатә ҳаирплан "Пе-2" ахәҭақәа рыԥшааит Амшын еиқәа аҵаҿы, Ҟәбан ааигәара. Абри атәы аанацҳауеит Амшынеиқәатә флот апресс-маҵзура.

Амшын аҵантә ишьҭыхын абомбакажьга аматорқәа ҩбеи амҵәыжәҩахәҭеи.

Аԥшаахқәа 80 метра рҟынӡа иахьыҟаз ишьҭан. Аҟазауаа ирыԥшааз аобиектқәа алыкь рымхны иҭызҵааша ирырҭоит.

"Пе-2", "Пешка" ҳәа хьыӡшьараны измаз, афронт аҟны ижәылаҩ бомбакажьган. 1940 - 1945 шықәсқәа рыҩныҵҟа иҭыжьын 11 427 ҳаирплан. Аекипаж шьақәгылан аԥырҩы-акомандира, аштурман, ахысҩы-арадист рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0