Путин аиааира амшныҳәахь иааиԥхьеит ОДКБ атәылақәа рхадацәа

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОДБК атәылақәа рхадацәа
ОДБК атәылақәа рхадацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса рзы иҵуеит 75 шықәса Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны аиааира ргеижьҭеи. Хәышықәса раԥхьа ари аныҳәамш аҽны Москваҟа иааиит 23 ҳәынҭқарра.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аиааира амшныҳәахь иааиԥхьеит Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра Аиҿкаара (ОДКБ) атәылақәа рхадацәа ҳәа аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

Путин: дарбанзаалак СССР атәылақәа рхада Аиааира апарад ахь дмааир иашам - Sputnik Аҧсны
Путин: дарбанзаалак СССР атәылақәа рхада Аиааира апарад ахь дмааир иашам

"Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра Аиҿкаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аус адулоуп аиубилеитә уснагӡатәқәа рыплан. 2020 шықәса лаҵара 9 рзы Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра Аиҿкаара (ОДКБ) атәылақәа ртәылахьчаратә усбарҭақәа рхадацәа рыӡбрала Аиааира Апарад аан Ашҭа ҟаԥшь иқәсуеит арҭ атәылақәа рырратә контингентгьы", - аҳәоит асаит адырраҭараҿы.

Аиааира 75-шықәса ахыҵра азгәаҭарахь иааԥхьоуп: Франциа, Китаи, ЕАА, КНДР, Индиа, Пакистан рхадацәагьы.

2020 шықәса лаҵара 9 рзы иҵуеит 75 шықәса Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны аиааира ргеижьҭеи. Хәышықәса раԥхьа ари аныҳәамш аҽны Москваҟа иааиит 23 ҳәынҭқарра.

Ажәабжьқәа зегьы
0