Макгрегор аиааира игеит 40 секунд рыла

© REUTERS / MIKE BLAKEКонор Макгрегор
Конор Макгрегор  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аирландец Макгрегори америкатәи аспортсмен Серрони реицықәгылара раԥхьатәин UFC Макгрегори Хабиб Нурмагомедови реиндаҭлара ашьҭахь.

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. Ирландиатәи ақәԥаҩ, инагӡоу ақәԥаратә чемпионат (UFC) аекс-чемпион Конор Макгрегор нокаутла аиааира игеит. Диндаҭлон америкатә спортсмен Дональд Серрони UFC 246 аҟны Лас-Вегас.

© Видео SPORTRECS UFC 246: Конор МакГрегор (Ирландия) vs Дональд Серроне (США)
Макгрегор аиааира игеит 40 секунд рыла - Sputnik Аҧсны
UFC 246: Конор МакГрегор (Ирландия) vs Дональд Серроне (США)

Абжьарабжьатә акапан ала имҩаԥысуаз ақәгылара 40 секунд рылеи Макгрегор итехникатә нокаут ала ихдыркәшеит.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла Макгрегор х-миллион доллар рҟынӡа иоураны дыҟан. Арахь иаҵанакуам еиуеиԥшым ашәарақәа. Иара иажәақәа рыла иааидкыланы 80 миллион рҟынӡа иоуп ҳәа дақәгәыӷуеит.

31-шықәса зхыҵуа аирландец изы ари 22-тәи иааироуп. 36-шықәса зхыҵуа Серрони иакәзар, 14-даҵахахьеит, 36-нтә диааихьеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0