Витали Мутко Урыстәыла аиҳабыра ҿыц даламлаӡеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаседание Совета Федерации РФ
Заседание Совета Федерации РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 21 рзы Урыстәыла Аминистрцәа реилазаара шьақәыргылан. Уи ԥхьатәара ицаанӡа иалаз Витали Мутко уажәы даларымҵаӡеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik. Дмитри Медведев напхгара зиҭоз аиҳабыра реилазаараҟынтәи быжьҩык аминистрцәа усурҭада иаанхеит. Арахь даҵаранкит Витали Муткогьы, 2018 шықәса раахыс Аинфраструктуразы аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

Путин иаԥихит Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистрра - Sputnik Аҧсны
Путин иаԥихит Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистрра

Мутко иара убасгьы хылаԥшра аиҭон арегион аҿиареи Урыстәылеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи русеицуреи.

Мутко идагьы аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаа Антон Силуанов, Константин Чуиченко, Максим Акимов, Ольга Голодец, Алексеи Гордеев, Дмитри Козак рҭыԥқәа нрыжьит. Убри аан аиҳабыра ҿыц реилазаара далагалоуп Силуанов – Афинансқәа рминистр, Чуиченко – Аиустициа аминистр.

Владимир Путин иусԥҟала аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Андреи Белоусов, ихаҭыԥуаас - Дмитри Григоренко, Иури Трутнев, Виктор Абрамченко, Иури Борисов, Татиана Голикова, Алексеи Оверчук, Марат Хуснуллин, Дмитри Чернышенко.

Иара убас шәаԥх́ьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0