Билли Аилиш аԥхьахәқәа ԥшьба ланашьахеит

© REUTERS / MARIO ANZUONIБилли Айлиш
Билли Айлиш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Билли Аилиш иреиӷьу шәаҳәаҩуп ҳәа далкаауп, лдебиуттә альбом "When We All Fall Asleep, Where Do We Go?" – ашықәсан иреиӷьу пластинкоуп ҳәа ахҳәаауп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Лос-Анджелес имҩаԥысит ЕАА абыжьҭаҩратә Академиа "Грэмми" 62-тәи ацеремониа. 18-шықәса зхыҵуа ашәаҳәаҩ Билли Аилиш ацеремониа датриумфатерхеит. Аноминациа хадақәа ԥшьба раԥхьахәқәа лоуит.

Аилиш акатегориа "Иреиӷьу ашәа" аҿы аԥхьахә лоуит акомпозициа "Bad Guy" азы. Иара убасгьы Билли Аилиш иреиӷьу шәаҳәаҩуп ҳәа далкаауп, лдебиуттә альбом "When We All Fall Asleep, Where Do We Go?" – ашықәс иреиӷьу пластинкоуп ҳәа ахҳәаауп.

Аилиш аҵыхәтәантәи 39 шықәса рыҩнуҵҟа уахык ала астатуеткақәа ԥшьба занашьахаз раԥхьатәи музыкантуп. 1981 шықәса рзы асеиԥш ианашьахахьан Кристофер Кросс.

"Грэмми" иара убасгьы иланашьахеит Мишель Обама лышәҟәы "Сҭоурых" аудиоверсиазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0