Атуристтә маршрутқәа аԥхын азы ишышьақәыргылахо атәы иалацәажәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукОтдых в Абхазии
Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсшьаразы заанаҵтәи анхарҭа ҭыԥқәа рҿаҵараз амаҵзура Tvil.ru асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа азҵаара рнаҭеит 2020 шықәса, аԥхынразы аԥсшьараз гәҭакны ирымақәоу ртәы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 3 - Sputnik. Аԥсшьаразы заанаҵтәи анхарҭа ҭыԥқәа рҿаҵараз амаҵзура Tvil.ru асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа ирнаҭаз азҵаарақәа рҭак ала, еилкаахеит атуристцәа еиуеиԥшым аԥшӡара ҭыԥқәа рҭаара шырҭаху.

  • Аекскурсиақәа мҩаԥыргар рҭахуп 28,6% аԥсшьаҩцәа.
  • Изазҵааз рҟынтәи 19% рыԥсшьарамшқәа ашьха ирхыргар рҭахуп.
  • Аквапаркқәеи адельфинариқәеи ирҭаар рҭахуп 11,1%
  • Амаланыҟәеи амаунтинбаики бзиа ирбоит 9,5%
  • Амузеиқәеи аҩыҟаҵарҭақәеи ирҭаарц рҭахуп 6,4%
  • Квадроциклқәеи џьиппинги бзиа ирбоит 4,8%
  • Аӡынтәи аспортхкқәа (аквабаик, каитинг, виндсерфинг ууе.) бзиа ирбоит  3,17%

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0