Samsung асмартфон ҿыц ӡырнагеит

© AFP 2023 / Kimberly WhiteSamsung Galaxy Z Flip
Samsung Galaxy Z Flip - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи адәқьанқәа рахь инаргоит хәажәкыра 13 рзы. Galaxy S20 – 69,99 нызқь мааҭ иаԥсоуп, S20+ аҽа жәанызқь рыла еиҳауп, S20 Ultra 99,99 – нызқьмааҭ.

АҞӘА, жәабран 12 – Sputnik. Алада Кореиатәи аилахәыра Samsung Сан-Франциско имҩаԥысуаз аӡыргараан адгалара азнауит еикәаԥсо асмартфон Galaxy Z Flip.

Асмартфон аекран 6,7 диуим иҟоуп. Аркреи аартреи 200 000-нтә рҟынӡа алшара амоуп.

Galaxy Z Flip - Samsung иатәу иакуа-иаатуа аҩбатәи модельуп. Google иареи еицыҭрыжьит. Аҭирақәа ирылагоит жәабран 14 инаркны, ахәԥса – 1380 доллар.

Уи адагьы аилахәыра Samsung аӡыргараан афлагмантә смартфонқәа Galaxy S20 цәырнагеит.

Арахь иаҵанакит: Galaxy S20, S20+, S20 Ultra. Дара зегьы адисплеиқәа Dynamic AMOLED рыла еиҿкаауп. Ашьақәгыламҭақәа аус руеит Android 10 ашьаҭала.

Асмартфонқәа S20, S20+ ркамера хада 64 мегапиксель амоуп, S20 Ultra - 108 мегапиксель, 128 до 256 гигабаит агәалашәара рымоуп.

Урыстәылатәи адәқьанқәа рахь инаргоит хәажәкыра 13 рзы. Galaxy S20 – 69,99 нызқь мааҭ иаԥсоуп, S20+ аҽа жәанызқь рыла еиҳауп, S20 Ultra 99,99 – нызқь мааҭ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0