Мраҭашәаратәи аекспертцәа Путин "Мраҭашәара ицеилазыжьуа" рыӡбахә рҳәеит

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМраҭашәаратәи аекспертцәа Путин "Мраҭашәара ицеилазыжьуа" рыӡбахә рҳәеит
Мраҭашәаратәи аекспертцәа Путин Мраҭашәара ицеилазыжьуа рыӡбахә рҳәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәахә кьыԥхьуп жәабран 14 рзы бавариатәи аҳҭнықалақь Миунхен имҩаԥысраны иҟоу ашәарҭадараз аконференциазы.

Виктор Мараховски

Еилкаауп, ажәахә аҿы аиҳарак излацәажәо Урыстәыла ахьакәу азы, ҳтәылаҿы - еиҳа иҭҵааны иахьаԥхьо. Ажәахә атема хада Мраҭашәароуп, аиҳаракгьы Мраҭашәара аӡра зхароуи, уи мзызқәас иамоуи.

Шьамтәыла апрезидент Башар Асад - Sputnik Аҧсны
Асад: Мраҭашәареи Мрагылара ааигәеи ртәылақәа рпозициақәа ԥсыҽхоит

Абри азҵаара аҭак аҟынӡа апроблема аҵаказы иааркьаҿны.

Ажәахә иахьӡуп "Мрагыларада" (Westlessness) — раԥхьаӡа акәынгьы европа-америкатәи аекспертцәа рацәак иргәамырԥхакәа ирыдыркыло аҭагылазаашьа иаша иазкуп. Уи – адунеи Мраҭашәара ада анхара амҩа иахьықәу ауп. Уи аасҭагьы еицәаны иҟоу иара Мраҭашәара ахаҭагьы "Мраҭашәара ада анхара иахьашьцылаз ауп". Ари зегьы бзиара зҵам акоуп, избанзар, аҭышәнымтәалара, адемократиатә хәшьара ҳаракқәа рыҽрыцәхьакра, иҟалаша азыԥхьагәамҭара уҳәа иреиԥшу арыцҳарақәа цәырнагоит.

Авторцәа Мраҭашәара злахәым адунеи рҵәыуоит: "Шьамтәыла Асад ирежими Урыстәыла амчрақәеи ахәышәтәырҭақәеи аҵараиурҭақәеи иреихсуеит, арратә цәгьоурақәа есымшатәихеит… Ааигәа Китаи, Иран, Урыстәыла раԥхьаӡа акәны еицымҩаԥыргеит арра-мшынтә ҽазыҟаҵарақәа Индиатәи аокеани Омантәи аӡыбжьахалеи рҿы… Ливиеи Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи еиҳа-еиҳа Европа анырра арҭоит…" ҳәа рыҩуеит. Ирацәоуп акаламбур. Убас, ЕАА иазку ахы акәзар, иахьӡуп: "Хазы хазы ҳҽаҳзеиқәырхарыма?" ҳәа. Ари иугәаланаршәоит Америка алозунг "Ҳаӡәыкхар – ҳаиқәхоит, хазы хазы ҳкаҳауеит" ахь. Китаи иазку ахы иахьӡуп — "Зҽадызцало аҳәынҭқарра", Урыстәыла иазку ахы — "Путемкинтәи аҳәынҭқарра", Европа иазку — "Евровидение аиндаҭлара" уҳәа убас иҵегьы.

Урыстәылаз акәзар — ара аҵыхәтәантәи ахәышықәса мраҭашәаратәи аекспертцәа рхаҿы ииз аконцепциа иқәныҟәоит. Ари аконцепцияа, иашала иуҳәозар, ахуаадара иарҿиеит. Избанзар, ганкахьала аекспертцәа ирдыруан Урыстәыла асанкциақәа еимҿырыжәжәаз ҳәынҭқарроуп ҳәа, аҽа ганкахьала –асанкциақәа усс имкыкәа иҿиоит, еизҳауеит. Уи акәындаз адунеи ианыргараны иҟоу аҳәынҭқаррақәа ахьчоит. Иагьалшоит.

Хымԥада иаҭахны иҟалеит акомпромисс, аконцепциа иҟаҵәҟьоу џьара акала иаанарԥшырц азы. Абри ашьҭахь Урыстәыла аҽакала абара иалагеит.

2018-шықәса анҵәамҭазы — Урыстәыла, апроблема рацәа змоу, урҭ иҵыршәаауа ҳәынҭқарроуп. Аха, абасала еилаҳарц акгьы згым аҳәынҭқарра дахагылоуп атактик Путин.

2019 шықәса рзы Урыстәыла адипломатиатә иааирақәа акыр ннакылоит. Кремль адәныҟатә политика аҽшеиҭанамкызгьы Урыстәыла ПАСЕ иаларҵоит, НАТО алахәыла Ҭырқәтәыла иаанахәоит урыстәылатәи С-400, Москва Мрагылара ааигәа аҿы амч аиуит… аха зегь раасҭа ихадарахаз, Франциа ахада Макрон Урыстәыла иавеицәуа далагеит.

Аха абарҭ аиааирақәа ирыҵаҵәахуп ҳамчдарақәа. Еиқәаҳаԥхьаӡап урҭ:

  • 1) 2019 шықәса рзы Москва имҩаԥган Путин иҿагылоз ақәгыларақәа, цәыббрамзазы Москва адумахь алхрақәа раан Кремль иадгылоз акандидатцәа ааха ӷәӷә рыҭан.
  • 2) Иҟаҵо азҵаараҭҵаарақәа иаадырԥшит атәыла аанзыжьырц зҭаху аҿар рырацәара.
  • 3) Иҟаҵо азҵаараҭҵаарақәа иаадырԥшит атәыла ахада игәра зго рхыԥхьаӡара 55 процент шакәу иҟоу.
  • 4) Урыстәылеи Китаии рпартниорра еиваҟәалом.

Убас иҵегьы. Иумбарц залшом путинтә режим апроблемақәа миунхентәи ажәахә ахь ишиасыз схемак ала еиқәдырҽаҽо Урыстәылаз Мраҭашәаратәи АИХқәа ркьыԥхьымҭақәа зегьы еидыҳәҳәаланы. "Аурыс ԥсҭазаара" азы амшхәаԥштә аздырхиоит "ВШЭ — Московский центр Карнеги — навальная тусовка" аҟынтәи астепендиантцәа. Дара роуп аинформациа иавторцәоу, иекспертцәоу, ифырхацәа хадоу.

Интервью Премьер-министра РФ Д. Медведева российским телеканалам - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла аиҳабыра ԥхьатәара ицеит

2020-шықәса ааԥынра ҳааины ҳааҭагылоит. Урыстәыла аиҳабыра рыԥсахит, амилаҭтә проектқәаа ус руеит, Аконституциа ариашарақәа ралагалара аздырхиоит — арахь дара ииасыз ашықәс азы иҟарҵаз аҿагыларатә селфи иахьагьы иҟьо ирыман иқәуп, "Китаи Сибра ампыҵанахалеит" ҳәа рефрен ҳасабла ирҳәоит.

...Абас ала ажәахә аҿы реиҳа интересу ҳара ҳакәӡам изызку.

Иинтересу "Мраҭашәарадара" амзызқәа роуп.

Аилкаара "Мраҭашәара" ҩбаны ишоуп. Џьоукы рзы адин, акультура, амилаҭтә традициақәа реизгоуп (апопулистцәа), егьырҭ рзы алиберал демократиа апринципқәа реизгоуп (алибералцәа). Апопулистцәа ргәаанагарала Мраҭашәара ҵыршәаауеит егьырҭ акультурақәа рхаҭарнакцәа. Алибералцәа ргәаанагарала Мраҭашәара дара апопулистцәа роуп иҵызшәаауа.

Путинтәи Урыстәылагьы ахатә интересқәа шамоугьы алшара аиуамызт Мраҭашәара аҩныҵҟа адгылаҩцәа амамзар ҳәа иршьоит дара.

...Урҭгьы егьырҭгьы иашоуп.

Арҭ еиҿагыло амчрақәа дара дара еиҿаԥшыр рҭахӡам, ирҭахӡам иазхарҵарц "Ҳара аӡә ҳами ҳәа". Еиҳа еиҳа аамҭа цацыԥхьаӡа ргәаӷ еибаршуеит, уи дара рымч шыҵнашәаауагьы.

Абасала, аҩ-ганкгьы ақәҿиарақәа рзеиӷьоушьар ауп. "Мраҭашәарадатәи адунеи" акалашәа иҳәазаргьы, уи еиҳа еиӷьуп, иагьшәарҭадоуп Мраҭашәара уаанӡа иахьыҟаз аасҭа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0