Польшаа Освенцим ахы иақәиҭызтәыз Ар ҟаԥшь роуп ҳәа иршьоит

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасра Освенцим
 Освенцим - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә гәаанагара ҭызҵаауа франциатәи аилахәыра IFop Sputnik News азы Польша имҩаԥнагеит Освенцимтәи аконцлагерь ахы иақәиҭызтәыз ҳәа иршьои атәыла ахақәиҭтәразы Ар ҟаԥшь аџьшьара рырҭо ирырымҭо рзы аилкаарақәа.

АҞӘА, жәабран 21– Sputnik. Азҵаараҭҵаарақәа Польша ауааԥсыреи атәыла анахгареи ргәаанагарақәа шеиқәымшәо аадырԥшит. Ари аполитика аҭоурых иахьаҿагыло ауп, иҳәеит аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ Сослан Салаҟаиа.

"Аконцлагерь Освенцим аҿы асовет ар ахы иақәиҭыртәит. "Аушвиц-Биркенау" ауаа рықәхра иазкыз концлагерн. Уажәы Мраҭашәареи Польшеи урыстәылаҿагыларатә политика мҩаԥыргоит. Урҭ ррыцҳарақәа зегь СССР иақәрыжьыр рҭахуп. Аҩбатәи адунеитә еибашьраҵәҟьагьы германиа аҟара асовет еидгыла иақәырҵар рҭахуп. Ари политикоуп", - иҳәоит Салаҟаиа.

IFop адыррақәа рыла 73% Польшатәи ареспондентцәа ақәшаҳаҭуп ажьырныҳәа 27 1945 шықәса рзы Освенцим Ар ҟаԥшьи польшатәи ари ахы ишақәиҭыртәыз, 15% польшатәи ар роуп ҳәа рҳәоит.

Иара убасгьы иҟан егьырҭ авариантқәагьы: "Аушвиц-Биркенау" ЕАА ахы иақәиҭыртәит рҳәеит 5%, Великобританиа – 1%, аҽа тәылак ар – 1%, аҭак рзыҟамҵеит – 5%.

RT Освенцим ахақәиҭтәра иазку афильм ҿыц ӡырнагеит - Sputnik Аҧсны
RT Освенцим ахақәиҭтәра иазку афильм ҿыц ӡырнагеит

Аҭҵаарақәа инарықәыршәаны зҵарадырра ҳараку аполиакцәа Освенцим Ар ҟаԥшь ахы иақәиҭыртәит ҳәа рҳәоит - 70% абжьара ҵара змоу ареспондентцәа, 79% иреиҳау аҵара змоу ареспондентцәа.

Салаҟаиа иазгәеиҭеит европатәи тәылақәак аҭоурыхтә фактқәа дырԥаршеиуеит рполитикатә хықәкқәа инарықәыршәаны ҳәа.

"Аполитика зны-зынла ауаа абыржәыҵәҟьатәи афеида аҭоурых иашара аасҭа еиҳаны ианахәанарԥшуа ыҟоуп. Урыстәылеи Мраҭашәареи реизыҟазаашьа ҟәандахар, аполитикцәеи аҭоурыхдырыҩцәеигьы аиаша еиҳа иазааигәахон", - иҳәеит Салаҟаиа.

Аилахәыра IFop зызҵаауаз реиҳараҩык Ар ҟаԥшь Польша ахақәиҭтәра аџьыршьоит, иаҭабууеит. Абасеиԥш рҳәеит изазҵааз рҟынтәи 65%, 27% Ар ҟаԥшь џьшьара арҭом, 8% аҭакҟаҵара рзыцәгьахеит.

Азҵаараҭҵаарақәа зынӡа рыҽрыладырхәит зықьҩык ареспондентцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0