Урыстәылеи Белоруссиеи рҳәаа адыркит

© Sputnik / Владимир Горовых / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПограничная зона установлена на границе России с Белоруссией
Пограничная зона установлена на границе России с Белоруссией - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла коронавирус аларҵәара инаҿырԥшны аҳәаақәа анаркуеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥыза-министр Михаил Мишустин.

АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Урыстәылеи Белоруссиеи рҳәаа адыркит акоронавирустә инфекциа инадҳәаланы. Абри атәы иҳәеит Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин аоперативтә еилатәараҿы.

"Ҳара асеиԥш аӡбамҭа ҳадаҳкылеит ауаа рынеиҭаҵ-ааиҭаҵра аԥкразы", - ҳәа Мишустин иажәақәа аанагоит РИА Новости.

Иара иазгәеиҭеит Урыстәыла апандемиа иаҿырԥшны аҳәаақәа шанаркуа.

"Аԥхьанатә Китаии ҳареи ҳҳәаа аҳаркит. Евроеидгыла атәылақәеи ҳареи ҳҳаиртә еимадара еиҵатәуп, Польшеи Норвегиеи рҳәааҟынтә ауаа рахыжьра ԥкуп, аихамҩатә еимадара аанкылоуп Латвиеи, Молдавиеи, Украинеи рҟынтәи", - иҳәеит иара.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Урыстәыла авирус рымоуп 60-ҩык, Белоруссиа —30-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0