Адунеи аҟны анефт ахәԥса ашьҭыҵра иалагеит

CC0 / / Нефть
Нефть - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Brent амарка иатәу анефт ахәԥса ашәахьаҽны 12% рыла икаҳаит, баррельк азы 30 доллар рырҭон. WTI амарка акәзар –10% рыла илаҟәит.

АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Ашәахьаҽны аҭыԥ змаз анефт ахәԥса акаҳара ашьҭахь ашьҭыҵрахь ихынҳәит. Убас, Brent WTI амаркақәа иреиуоу анефт ахәԥса 5% ихалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Анефт ахә каҳауа иалагеит fкоронавирустә пандемиа иахҟьаны афондтә биржақәа рҿы иаԥҵаз аҭагылазаашьазы. Ашәахьа, ЕАА Афедералтә резервтә системеи Иапониа абанк хадеи алаҳәара ҟарҵеит амонетартә политика рԥсыҽтәуп ҳәа адунеитә економика арецессиа ацәыхьчаразы. Ари иадгылеит Китаи, Великобританиа, Евроеидгыла атәылақәа рбанк хадақәа.

Аха убри аан ОПЕК+ атәылақәа аилацәажәара рзалмыршеит анефт аҵхразы аилаӡара аҭагылазаашьақәа рганахьала. Убри ауп анефт ахәԥса казыжьызгьы, амааҭ адоллар аганахьала изылаҟәызгьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0