Урыстәыла егьырҭ атәылақәеи иареи рыбжьара аҳаиреимадара ԥнакуеит амза 23 инаркны

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла егьырҭ атәылақәеи иареи рыбжьара аҳаиреимадара ԥнакуеит амза 23 инаркны
Урыстәыла егьырҭ атәылақәеи иареи рыбжьара аҳаиреимадара ԥнакуеит амза 23 инаркны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Росавиациа еиқәнаршәаз иқәгоу ареисқәа рсиаҟны иарбоуп 146 тәыла раҳҭнықалақьқәеи рықалақь дуқәеи рахь ареисқәа.

АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа егьырҭ атәылақәеи иареи рыбжьара аҳаиреимадара ԥнакуеит хәажәкыра 23 инаркны, Москвантәи егьырҭ аҳҭнықалақьқәеи ақалақь дуқәеи рахь ареисқәеи, аҳәаанырцә тәылақәа доусы ртәылауаа ралгара иазку ачартерқәеи рыда ҳәа аанацҳауеит Росавиациа.

"Росавиациа адырра ҟанаҵоит, 20.03.2020 ш. напы зҵаҩыз Урыстәыла аиҳабыра рыдҵа № ТГ-П12-2111 инақәыршәаны, хәажәкыра 23, 00:00 сааҭ инаркны Урыстәылатәи Афедерациа аҵакырадгьыл аҟынтә аҳәаанырцәтәи атәылақәа рахь апассаџьыртә авиаеимадара аамҭала ишыԥкызаауа", – ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҟны.

Арҭ аԥкрақәа алагалоуп акоронавирус аламырҵәаразы аусмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны. Хәажәкыра 11 рзы Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара авирус иадҳәалоу аҭагылазаашьа иахәаԥшны адунеи аҿы апандемиа рыланаҳәеит.

Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла даҽа 61 рҟны акоронавирус ԥшаауп. Иааидкыланы иахьазы Урыстәыла 367-ҩык ари ачымазара рыхьны иҟоуп.

Хәажәкыра 18 инаркны атәымтәылауаа Урыстәыла аҳәаақәа рахысра азин рымхуп, аурыс тәылауаҩра змам Аԥсны ауааԥсырагьы убрахь иналаҵаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0