Аиқәшаҳаҭра ОПЕК+ заанаҵтәи аихшьаалақәа: ари еилаӡароуп, иҿҳәарадангьы иҟам

CC0 / ptra / Pixabay / Добыча нефти, архивное фото
Добыча нефти, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 9 рзы жәа-сааҭк иназынаԥшуа ОПЕК+ алахәыла-тәылақәа аилацәажәара шымҩаԥыргазгьы, макьаназы ари ауснагӡатә алҵшәақәа цқьа еилкаамкәа иҟоуп.

Иҟоуп агәаанагара анефҭ аҵхра ареиҵаразы аганқәа реилаӡара ыҟоуп ҳәа. Аха макьаназы аформат G20 ала аилацәажәарақәа шцац ицоит.

Игор Иушков, Урыстәылатәи Афедерациа аенергетикатә шәарҭадара Амилаҭтә фонд аексперт Sputnik азы.

Акоронавирус анефҭ ахәқәа аԥсахуеит

Аиԥылара иалагаанӡагьы идырын аиқәышаҳаҭра ОПЕК+ алахәылацәа уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа анефҭ 10 млн. баррель аҵхра ахьынӡалшо атәы иалацәажәараны ишыҟаз.

Нефть  - Sputnik Аҧсны
ОПЕК+ атәылақәа аилаӡара ҿыц рыбжьарҵеит

Ари акыр идуу хыԥхьаӡароуп. Анаԥшцәа оумашәа ирбаргьы ауеит мызк аԥхьа атәылақәа уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала 1,5 млн. баррель аҵхра ишалацәажәоз, аха акахьы иахьзеибаамгаз. Абри ашьҭахь, мшаԥы 1 азы аҳәынҭқаррақәа зегьы ироуит ахақәиҭра анефҭ аҵхразы. Уажәы, иара арҭ аҳәынҭқаррақәа ақәшаҳаҭхоит 10 млн. баррель рыла анефҭ аҵхра шеиҵартәуаз.

Асеиԥш зыҟалаз, аџьармыкьаҿы аҭагылазаашьа аҽахьаԥсахыз ауп. Хәажәкыра алагамҭазы акоронавирус Китаи заҵәык аҿы акәын иахьыҟаз. Уа акарантинтә ҭагылазаашьа абылтәы аахәара канажьит (атранспорт аус ауамызт, анаплакқәа аус руамызт, аҳаирпланқәагьы рыԥырра ԥкын)

Акоронавирус иазку аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Урыстәыла усҟан Китаи иаарласны акоронавирус иаиааиуеит, нас анефҭ аҭаххарагьы еиҭашьақәгылоит ҳәа ихәыцуан. Аха авирус адунеи аҽахнарҵәо иалагеит. Атәылақәа жәпакы апандемиа иаҿадыргылеит акарантин. Адунеи зегь аҿы, хаҭалагьы Европа, анефҭ ахархәара еиҵартәит.

Мшаԥымзазы анефҭ зҭаху еиҵахеит. Имыцхәхаз анефҭ аҵәахырҭақәа рахь инарышьҭит. Анефҭ аҵхра ахылаԥшра асистема аус анамуаз аамҭазы уԥшыр ҟалон зыхәԥса дуу анефҭ аҵхыҩцәа русура анныркыло ҳәа. Убас, Еиду Америкатәи аштатқәа рҟны асланец иалху анефҭ аҵхра еиҵартәит адунеитә хәыԥсақәа 50 доллар баррельк азы ианыршәоз аамҭазы. 20-30 доллар ршәараан асланец иалху анефҭ хашәала аанагом.

Аха уажәы, адунеиаҿ анефҭ ахархәара анылаҟә, акарантин амшала, атәылақәа хаҭа-хаҭала анефҭ аҵхра ианаҟәыҵуа ҳәа аԥшра хшыҩдоуп. Мызкы-ҩымз рышьҭахь анефҭҵәахырҭақәа ҭәуеит, анефҭ аҵхрагьы зынӡа иаанкылатәхоит. Аӡәгьы иҭаххаӡом.

Абри азоуп ОПЕК+ атәыла-лахәылацәа уахыки-ҽнаки рыла 10 млн. баррель рҟынӡа анефҭ аҵхра аларҟәразы изеилаӡо. Ари анефҭҵәахырҭақәа рыҭәра аамҭа инахоит.

Москвазы ари акыр иуадаҩуп

Ҳәарада, Урыстәылазы ари аилаӡара акыр ихьанҭоуп. 2016 шықәса рзы, ОПЕК+ усҟантәи аилацәажәараан атәыла анефҭ аҵхразы арекорд шьақәнаргылеит. Убри азы Урыстәылазы ишьақәыргылахаз аҩаӡара акыр иманшәалан.

Инвестиционная компания Антанта-Капитал - Sputnik Аҧсны
Амааҭгьы анефҭ ахә еиԥш икаҳаит ахәаахәҭратә биржақәа рҟны

Уажәы иҵырхыҵәҟьо анефҭ еиҵатәхоит. Уи иахҟьаны ВВП лаҟәыр алшоит, атәылахь авалиута аарагьы ԥкхоит.

Аха аилаӡара ҿҳәараданы изыҟалом. Аилаӡара иазыԥхьагәанаҭоит анефҭ аҵхраз аквотақәа рышьҭыхра. Атәылақәагьы маҷ-маҷ анефҭ аҵхра иазыхынҳәуеит.

Адырранҵа: Аиқәшаҳаҭра ОПЕК+ ари – 2016 шықәсазы анефҭ аекспорт ҟазҵо атәылақәа Реиҿкаареи (ОПЕК) егьырҭ анефҭ ыҵызхуа атәылақәеи – Урыстәыла, Азербаиџьан, Ҟазахстан, Мексика, Малаизиа рыбжьара имҩаԥгаз еилаӡароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0