Аҳақьым еиҭеиҳәеит ахалаҟаҵара арзҩыдаӡшьар шәарҭахар залшо

CC0 / / Коронавирус
Коронавирус  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥҭекаҿы иаахәоу арзҩыдаӡшьар авирус минуҭқәак рыҩнуҵҟа ишашьуа шьақәырӷәӷәоуп.

АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Ахалаҟаҵара арзҩыдаӡшьар шәарҭахар алшоит, авирус азымшьыр ҟалоит ҳәа иԥхьаӡоит аҳақьым-фармаколог Игор Фиодоров.

"Арзҩыда аҩны ианыҟашәҵо ишахәҭоу еиԥш ишәзеиҿымкаар алшоит. Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаразы аиҿкаара ишаҳәо ала, асԥирҭ 62 процент еиҵамзароуп авирус ашьырц азы", - иҳәоит Федоров. Иара иабжьгарақәа "ВКонтакте" аҿы иӡыргоуп.

Иара ишиҳәо ала, ииашамкәа иҟаҵоу арзҩыда авирус ашьуам, убри ала ашәарҭара уҭанаргылар ауеит.

"Шәнапы цқьоу џьышәшьоит, арахь иара цқьаӡам. Аԥҭекаҿ иаахәоу арзҩыдаӡшьар авирус минуҭқәак рыҩнуҵҟа ишашьуа атәы шьақәырӷәӷәоуп", - иҳәоит иара.

Фиодоров иара убасгьы иҳәеит, асԥирҭ злам аӡшьарқәа рыхәарҭара шылаҟәу. Урҭ абактериақәа ирԥырхагазар, авирус аҿагылара рылшом.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа рзы аҵыхәтәантәи адыррақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0