Аҵарауаа ахәылԥҵысқәа даҽа коронавирус хкык рыдырбалеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРазработка экспресс-тестов на коронавирус учеными из центра "Сколково"
Разработка экспресс-тестов на коронавирус учеными из центра Сколково - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018- 2019 шықәсқәа рзы аҵарауаа ахәлыԥҵысқәа ирыдырбалеит авирус Нипах. Иара зцәеижь иалало ауаа рахьтә 70% ԥсыр алшоит.

АҞӘА, мшаԥы 15 – Sputnik. Амедицинатә ҭҵаарақәа Индиатәи Рхеилак (ICMR) иахьа аҭыԥ змоу COVID-19 апандемиа инадҳәаланы ахәылԥҵысқәа рыҭҵаараан даҽа коронавирус хкык рыдбалан. Абри атәы аҩуеит аҭыжьымҭа India Today. Ауаҩытәыҩса изы уи ашәарҭара ахьынӡаҵоу макьаназы еилкаам.

Ари "ахәылԥҵысқәа ркоронавирус" (BtCoV) ҳәа изышьҭоу ауп. Иара ԥшаан аштатқәа Химачал-Прадеш, Керала, Тамилнад рҟны.

Амедицинатә ҭҵаарақәа Индиатәи Рхеилак (ICMR) амилаҭтә институт адоктор Приага Иадав илҳәеит макьаназы ари акоронавирус ауаа ачымазара рызнарҵысыр ауоу иамуоу еилкаам.

2018-2019 шықәсқәа рзы аҵарауаа ахәылԥҵысқәа ирыдырбалеит авирус Нипах. Иара зцәеижь иалало ауаа рахьтә 70% ԥсыр алшоит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа рзы аҵыхәтәантәи адыррақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0