Путин ажәадгала ҟаиҵеит абизнес маҷи абжьаратә бизнеси хәыда-ԥсада ирыцхраазарц

Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада аиҳабыра дрыҳәеит аҭыԥқәа рҟны акоронавирус иадҳәаланы имҩаԥырго ауснагӡатәқәа хәарҭа рыманы иахьынӡаҟоу еилыркааларц.

АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Владимир Путин ажәадгала ҟаиҵеит абизнес маҷи абжьаратә бизнеси ирыцхраазарц. Абри атәы иҳәеит акоронавирустә ҭагылазаашьазы аиҳабыреи иареи рвидеоеилацәажәараан.

Аԥарақәа азоурыжьуеит ауалафахәқәа ршәаразгьы.

"Абизнес азы иманшәалоу ацхыраара ҟаҵалатәуп. Ацхырааразы аиуразы имыццакыкәа, агәаранқәа ирықәымгылакәа азыҳәақәа рынашьҭра ырманшәалалатәуп", - иҳәеит иара.

Ахада иажәақәа рыла, аҳәынҭқарра ацхыраара иартәоит 12 130 мааҭ усзуҩык изы. Убри аан 90% аусзуҩцәа рҭыԥқәа рызныжьтәуп.

Путин иара убасгьы иҳәеит ифатәаалыҵым атауар ала ихәаахәҭуа аилахәырақәа еиҳа ааха зауз ҳәа иԥхьаӡазарц.

Атәыла ахада аиҳабыра дрыҳәеит аҭыԥқәа рҟны акоронавирус иадҳәаланы имҩаԥырго ауснагӡатәқәа хра рыманы иахьынӡаҟоу еилыркааларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0