Урыстәыла акультура аминистр акоронавирус лыдырбалеит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова
Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Урыстәыла аиҳабыра рахьтә акоронавирустә инфекциа рыдырбалахьан аԥыза-министри аргылара аминистри.

АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова акоронавирус лыдырбалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ольга Лиубимова аҩнынтә аус луеит. COVID-19 азы атест иднарбеит авирус лцәа ишалоу. Лара уажәы аҩнынтә аилацәажәарақәа мҩаԥылгоит авидеоконференциа арежим ала, аиԥыларақәеи аиҿцәажәарақәеи онлаин-формат ала дрылахәуп", - лҳәоит аминистр лыпресс-маӡаныҟәгаҩ Анна Усачиова.

Лиубимова ачымазара уадаҩрада илхылгоит, ахәышәтәырҭа лҭалара атәы иалацәажәам.

Уаанӡа акоронавирустә инфекциа COVID-19 рыдырбалахьан Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустини Урыстәыла аргылара аминистр Владимир Иакушеви ихаҭыԥуаҩ Дмитри Волкови.

Лаҵара 6 рзы Урыстәыла ичмазаҩуп 165 929-ҩык, COVID-19 иахҟьаны иԥсхьеит 1537-ҩык, ргәабзиара шьақәгылеит 21 нызқьҩык инареиҳаны.

Акоронавирус иазку аҵыхәтәантәи адыррақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0