Авиациалеи салиутлеи: Шоигу еиҭеиҳәеит Аиааира амшныҳәа азгәаҭара шрыгәҭаку

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРепетиция воздушного парада Победы в Москве
Репетиция воздушного парада Победы в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа адунеитә коронавирустә пандемиа иахырҟьаны Аиааира амш даҽа форматк ала имҩаԥыргар акәхеит.

АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу далацәажәеит атәылаҿ Аиааира амш мҩаԥыргараны ишыҟоу ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Лаҵара 9 рзы арратә округқәа зегь рыҟни Аҩадатәи афлот аҟни имҩаԥгахараны иҟоуп аибашьцәа рбаҟақәеи рмемориалқәеи рымҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара, иҭахаз ргәаларшәара. Асааҭ 19.00 рзы минуҭктәи аҿымҭра мҩаԥгахоит", - иҳәеит аминистр.

Арратә парад арыцхә инахеит. Лаҵара 9 рзы имҩаԥгахо апарад аҳаиртә хәҭоуп: Ашҭа ҟаԥшь иахаԥыруеит 75 ҳаирплани вертолиоти. Аҳаиртә парад мҩаԥысуеит урыстәылатәи ақалақьқәа 47 рыҟни аҳәаанырцә иҟоу арратә базақәа рыҟни.

Аҿар рзы имҩаԥгахоит онлаин-проект "Открытка ветерану". Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" даҽа форматк ала имҩаԥгахоит.

"Ауаа рыуацәа-рҭахцәа рфотосахьақәа рыманы абарҵақәа рахь идәылҵны иқәгылоит, "Аиааира амш" ашәа еицырҳәоит. Атәыла ахы аҵыхәа ҷыдала иазырхиоу арратә машьынақәа рҟынтәи адныҳәаларақәа ҟарҵоит, арратә ашәақәа рҳәоит. Аныҳәа хыркәшахоит салиутла", - иҳәоит Шоигу.

Аминистр ашәарҭадара ахылаԥшра, ауаа, раԥхьа иргыланы аветеранцәа ргәабзиара ашәарҭара аҭамыргылара хадараны иԥхьаӡоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0